Sputnik амчыбжь: акоронавирус, аныхачаԥа архынҳәра, аҵарашықәс алагара

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый звонок в Сухумских школах
Первый звонок в Сухумских школах  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаҳхысыз амчыбжь азы иаагәоуҭартә ирызҳаит авирус змоу рхыԥхьаӡара, аҵарашықәс иалагеит, Аԥсуа уахәама Қырҭтәылантә иазааргаз аныхачаԥа дыргьежьит.

Авирус змоу рацәахеит, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь акомпиутертә томографиа аппарат наргеит, Агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи аанахәеит, Аԥсны иззыԥшыз ашколтә ҵәҵәабжьы геит, аха зегьы рзы акәымхеит.

Sputnik

Аҿкыз злалаз рхыԥхьаӡара иазҳаит

Аԥсны акоронавирустә ҿкы ахҭыс ҿыцқәа арыцлара иаҿуп. Амҽыша ахәылбыҽха адырра ҟалеит зцәа COVID-19 алаз зықәрахь инеихьоу аԥҳәыс лыԥсҭазаара дшалҵыз.

В Гудаутский ковидный госпиталь доставлен аппарат компьютерной томографии (KT).  - Sputnik Аҧсны
Акомпиутертә томограф Гәдоудауҭатәи ахәышәтәырҭахь инагоуп

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит атәылаҿ аҿкра зыхьыз рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа. Иара иажәақәа рыла аиҳараҩык уаанӡа аҿкра змаз ирныруаз роуп.

Аминистр иазгәеиҭеит ипроблеманы ишыҟоу амедицинатә усзуҩцәа разымхара. Аминистрра ишьақәнаргылаз аграфик аҳәаақәа ирҭагӡаны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь мчыбжьлатәи аҷаԥшьарахь инарышьҭуеит. Абри ашьҭахь ҩымчыбжьатәи акарантин рымоуп ҳәа азгәеиҭеит Ҵахнакьиа.

Аԥснытәи амедикцәа ирыцхраарц иааит урыстәылатәи рколлегацәа аҩбатәи ргәыԥ, ареаниматологцәа, апульмонологцәа, аинфекционистцәа злоу. Дара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иаанхоит цәыббрамза нҵәаанӡа, изыԥсахуа агәыԥ ааиаанӡа.

Иара убасгьы аминистрра иаанахәеит 3 817 400 мааҭ рыхә амедицинатә хархәагақәа. Цәыббра 2 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инаргеит акомпиутертә томографиа аппарат, аԥсуа бизнесуаа реиҿкаара "Ҳара ҳаӡәыкуп" еизнагаз аԥарақәа рыла.

Иара убасгьы адырра ҟаҵоуп цәыббра 15 инаркны Аҟәатәи ахәышәтәырҭа №2 уаанӡатәи арежим ала аусура ишалаго. Ахәышәтәырҭа акардиологиатә ҟәша аркын ҩыџьа апациентцәа COVID-19 анрыдырбала ашьҭахь.

"Аҿкыраамҭаз" аныҳәа

Аԥсны ашколқәа рҟны аҵарашықәс иалагеит цәыббра 1 инаркны COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара шеизҳауагьы. 2020 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны ашкол ахь ршьаҿа еихыргеит 2500-ҩык ахәыҷқәа, аусура иалагеит 152 школ 153 рҟынтәи.

Шәахәаԥш: афото- Адырра амш: аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа

                 авидеонҵамҭа - Жәохә минуҭ иалагӡаны: аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵарадырра амш шымҩаԥысыз

Ус шакәызгьы, аныҳәатә цәаҳәақәа уаанӡатәи амасштабқәа ирықәмыршәакәа еиҿкаан. Дара ирылахәыз актәи аклассааи аушьҭымҭацәеи ракәын.

Ҳ. Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1 - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: гагратәи ашкол аргыларақәа рышьҭахь ашәқәа аанартит

Хышықәса имҩаԥысуаз аргыларатә усурақәа рышьҭахь иаадыртит Гагратәи ашкол №1. Арахь иааит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Апарламент адепутатцәа, Нхыҵ Кавказынтәи аделегациа, Гагра араион ахадара.

Ашкол аргылара иақәырӡын 350 миллион мааҭ. Сынтәа арахь иааит 60-ҩык актәи аклассаа, зынӡа – 450-ҩык аҵаҩцәа.

Аныхачаԥа аҭоурых

Асабша, цәыббра 5 рзы ақырҭуа политикцәа Елыртәи ауахәама иазааргаз аныхачаԥа Гал аҳәаахь инаргеит ақырҭуа ган ирыздырхынҳәырц.

Храм Святого Георгия Победоносца в селе Илор. - Sputnik Аҧсны
Ақырҭуа депутатцәа Елыртәи ауахәама иазааргаз аныхачаԥа архынҳәразы Галҟа игоуп

Елыртәи ауахәамахь аныхачаԥа ааргеит Қырҭтәылатәи апартиа "Апатриотцәа ралианс" анапхгаҩы Давид Тархан-Моуравии ақырҭуа парламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ирма Инашвилии нанҳәа 18 рзы.

Дара дырԥылеит атәыла ахада иабжьгаҩ Лаша Сақаниа. Ари Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа реиҿкаара "Аруаа" аҿагылара арҭеит, Апарламент ахь ааԥхьара ҟарҵеит иақәыӡбарц.

Нанҳәа 26 рзы Сақаниа инапынҵақәа шаанижьуа атәы иҳәеит.

Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама аҳәамҭа ҟанаҵеит аныхачаԥа шаднамкыло азы.

Арыцҳареи аартреи

Цәыббра акы азы Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи аспелеологцәеи аҳаԥы иҭыргеит Арбаика иаҵанакуа аҳаԥы Интеграл аҿы иҭахаз Павел Демидов иԥсыбаҩ. Цәыббра ҩба рзы иара Гагратәи аморг ахь днаган.

Спасатели  МЧС - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҳаԥаҿы иҭахаз Павел Демидов иԥсыбаҩ ҭыргеит

Цәыббра хԥа рзы арадио Sputnik аинтервиу азҭоз Демидов иҩыза, аспелеолог Евгени Снетков иҳәеит аҳаԥы Интеграл 2021 шықәса рзы аԥсуа спелеологцәа алархәны аҭҵаара ишацырҵо.

Снетков иажәақәа рыла, аҳаԥы Интеграл адунеи аҟны реиҳа иҵаулоу акәхар шауа.

"Уи ус шакәу аҳәоит аҭаларҭа аҳаракыра. Ара еиҳа иҳаракуп Вериовкин ихьӡ зху аҳаԥаҿы аасҭа 100 метрак рыла. Ихадоу - аҵанӡа анеироуп. Аӡы леиуеит, уи хымԥада аҳаԥаҵа иҵысуа аӡиас иалалароуп. Аҳаԥқәа рыҵаулара абри аӡиаси урҭ рҭаларҭақәа рыҳаракыреи рылоуп ишеилыркаауа", - ҳәа иҳәеит аспелеолог.

Аҽырыҩра, абокс, аҭҵаарадырра

Нанҳәа 31 рзы аԥсуа ҽыҩқәа Краснодари Ростов-на-Донуи имҩаԥысуаз аҽырыҩрақәа рҿы аԥыжәара ргеит. 1400 метратәи адистанциаҿы актәи аҭыԥ ргеит аҽыҩқәа Генерали Сафари-кеити.

Цәыббра ҩба рзы Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Ақыҭанхамҩатә институт адиректор Лиосик Аиба Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа далахәылахеит. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аҭҵаарадырратә институт адиректор Лиосик Аиба Аԥснынтәи Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иалахәылахаз рахьтә даԥхьатәихеит.

"Асимволтә ҵакы амоуп Аԥснынтәи Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иалахәылахаз дахьраԥхьатәиу аграри. Аԥсны аграртә тәылоуп, абри ахырхарҭала аҿиарақәагьы аԥеиԥш рымоуп. Лиосик Ианкәа-иԥа аграртә наукеи асубтропикатә культурақәеи рыҿиараҿы илагала дууп", - ҳәа иҳәеит РАН академик, урыстәылатәи аекономист, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владимир Баутин.

Аԥсуа спортсменцәа Харитон Агрбеи Баҭал Ҷежьиеи алахәын ашоу "Столото. Вечер бокса WBC" Казань ақалақь аҿы.

Агрба еицҿакрыла Сослан Тедеев дииааит ҳәа шьақәдырӷәӷәеит. Баҭал Чежьиа аӡбаҩцәа рыӡбарала WBC Youth атитул аиураан урыстәылатәи аспортсмен Сергеи Кожухар диаҵахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0