Sputnik амчыбжь: Бжьаниа Москваҟа ицара, COVID-19, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа

© Sputnik / Томас ТхайцукКапитальный ремонт больницы в городе Ткуарчал
Капитальный ремонт больницы в городе Ткуарчал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москва дыҟан, ареспубликаҿ акоронавирустә инфекциа ахҭыс ҿыцқәа азгәаҭоуп, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа амаругақәа раахәараҿы иацхраауеит.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа Sputnik аҿы.

Москваҟа ацара

Иҳаҩсыз амчыбжь азы иналукааша политикатә хҭысны иҟалеит цәыббра 7 рзы Аслан Бжьаниа Москваҟа ицара. Бжьаниа ипресс-маҵзура ишааныцҳауа ала, Москва, атәыла ахада Иусбарҭаҿи атәыла аиҳабыра рҿи еиуеиԥшым аиԥыларақәа мҩаԥысит.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа Москваҟа усутә ныҟәарала дцеит

Инарҭбааны Бжьаниа Москватәи ипрограмма апресс-маҵзураҿы иаламцәажәеит.

Ари аныҟәара Бжьаниа атәыла ахадас дҟалазар иԥшьбатәиуп.

Раԥхьа Москваҟа атәыла ахада днеит лаҵарамзазы. Иара ицын афинансқәа рминистр Владимир Делбеи аекономика аминистр Кристина Озганԥҳаи.

Рашәара 24 рзы Бжьаниа далахәын Москва имҩаԥгаз Аиааира Апарад.

Ԥхынгәы 30 рзы Бжьаниа аҽазныкгьы Урыстәыла аҳҭнықалақь даҭааит. Аилацәажәарақәа ирылҵшәахеит аурыс-аԥсуа ҳәаа аартра.

Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа ацхыраара

Аԥсныҟа усутә ныҟәарала цәыббра 8 рзы иааит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа урҭ дырԥылеит, анаҩсан дара Тҟәарчалҟа еиццеит.

Капитальный ремонт больницы в городе Ткуарчал - Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Аԥсни ргәабзиарахьчаратә министррақәа Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа иалацәажәеит

Аделегациа арахь аара хықәкыс иаман Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа хада аусуразы ихымԥадатәины иҟоу ахархәагақәеи аинвентари реиқәыԥхьаӡа аиқәыршәареи ашьақәырӷәӷәареи.

Ахәышәтәырҭа аргылара нап аркын 2017 шықәса рзы Аинвестпрограмма 2017-2019  аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ихыркәшахараны иҟан 2019 шықәса рзы. Иазоужьын 258 миллион мааҭ.

Убри аан апроект аҿы иарбамызт акәыршагәара, аморг, акрыфарҭа, аӡәӡәарҭа, арентгентә аппарат аҩнаргыларҭа, амардуантә маакырқәа.

Аиԥылараан Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа аҳәамҭа ҟалҵеит ахәышәтәырҭа аԥаразоужьра алимит иацҵатәхоит ҳәа.

Иури Воронов игәалашәара Амш

Цәыббра 11 рзы Аԥсны имҩаԥган аҵарауаҩ, аполитикатә усзуҩ Иури Воронов игәалашәара Амш.

Иури Воронов дыршьит цәыббра 11, 1995 шықәса рзы.

Аԥсны анапхгара, аҵарауаа, ауаажәларратә еилазаара рхаҭарнакцәа цәыббра 11 рзы иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аполитикатә усзуҩ Иури Воронов анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

"Иури Воронов XIX ашәышықәса аахыс Аԥсны ԥсадгьылны иззыҟаз аҭаацәара дрылҵит. Иури Николаи-иԥа Аԥсны аҭоурых аҭҵаара илшамҭақәа рацәаӡаны иадын. Ашкол данҭаз инаркны иҭиҵаауа далагахьан Ҵабалтәи абаашқәа. Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы аегиптолог изанааҭ шиоузгьы, Аԥсныҟа дхынҳәны дызҿыз аус иациҵо далагеит. Иԥсадгьыл абзиабара аԥыжәара аиҭеит", - ҳәа иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Сослан Салаҟаиа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор Иури Воронов диит лаҵара 8, 1941 шықәса рзы Ҵабал, Вороноваа рынхарҭа "Ясочка" аҟны.

1965 шықәса рзы Ленинградтәи ауниверситет далгеит. 1971 шықәса рзы аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидатс дҟалеит, 1985 — аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторс. Ҵабалтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра напхгара аиҭон, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны алекциақәа дрыԥхьон.

1990-1995 шықәсқәа раан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс дыҟан. 1994 — 1995 шықәсқәа рзы Аминистрцәа Рхеилак Аԥыза-министрс дыҟан. Напхгара аиҭон Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшьқәа Рконгресс.

Иури Воронов дыршьит 1995 шықәса рзы Аҟәа, иуаҭах ашәхымс аҿы.

Анхарҭатә программақәа рыҿҳәара инахоуп

Аҳәынҭқарратә программақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рынагӡара аҿҳәара иахыгоуп иааиуа ашықәс ахь ҳәа иҳәеит Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба.

Ключи в замке  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны имҩаԥгахараны иҟаз анхаратә программа анагӡара 2021 шықәсахьы иахыгоуп

"Анхарҭаиуратә программақәа ирылахәу рырзаҳалқәа ҭызҵаауа акомиссиа аусура аамҭала иаанкылоуп. Убри аан арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥаагоит. Ирацәаҩуп здокументқәа назгахьоу. Убри аан анхарҭаҭыԥқәа аӡәгьы иҭам сынтәатәи ашықәс азы. Апрограммақәа хышықәса ҳәа аусура иаларган. Сынтәа аӡәгьы анхарҭа ахьиҭам азы акомиссиа аусура 2022 шықәса рҟынӡа инахоуп", - иҳәеит аминистр.

Аҳәынҭқарратә программақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рзы акомиссиа аусура аанкылан 2020 шықәса хәажәкырамзазы акоронавирус алаҵәара инадҳәаланы.

Рашәара 3 рзы аԥыза-министр Александр Анқәаб аҳәынҭқарратә программақәа рдокументациақәа ҭҵааны Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба инапы ианиҵеит урҭ хра рыманы иҟоуи иҟамуи ахәшьара аиҭарц, ацҵара аԥсоу иаԥсаму еиликаарц.

Ацәгьоуцәа рыҵәахразы ахара рықәҵоуп

Аҟәатәи ақалақьтәи Очамыратәи араионтәи ӡбарҭақәа аӡбамҭа рыдыркылеит Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахысраан иҟалаз ауаҩшьра иалахәыз ҳәа агәҩара ззыҟоу рыҵәахразы, изакәанымкәа абџьар аҵәахразы ҩыџьа атәылауаа ахара рыдҵаразы.

Апрокуратура хада асаит ишаҳәо ала, Изольда Аҳәԥҳа ахара лыдырҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 актәи ахәҭа (изакәанымкәа амцабџьар аҵәахреи, аныҟәгареи, амҩангареи рзы), ахәҭаҷ 318 (аҵәахра) рыла.

Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаҩшьразы иаанкылоу рыҵәахразы ҩыџьа ауаа ахара рыдҵоуп

Аҳәԥҳа аӡбарҭа харас илыднаҵеит, лганахьала аӡбамҭагьы аднакылеит лара лаҵара 26-29, 2020 шықәса рзы Алхас Аҩӡбеи, Асҭамыр Шамбеи, Доминика Акырҭааԥҳа заанаҵ иӡбаны рышьразы ахара здырҵо Ерик Ҷкадуа дахьыҟаҵәҟьаз дырны, "активла ицхраара даҿын, иара хазы ауада изалхны, фатәыла-жәтәыла деиқәыршәаны Аҟәа иҟоу лынхарҭаҩнаҿы дҵәахны длыман" азы.

Уи адагьы Аҳәԥҳа харас илыдырҵоит иарбоу луаҭах аҿы амцабџьар, зкалибр еиуеиԥшым аџьаԥҳаны, агранатомиот, иара убас иԥжәар зылшо агранатақәа ҵәахны илыман ҳәа.

Нанҳәа 19 рзы ашьаус ахәаԥшра алҵшәақәа рыла, Аҳәԥҳа ахара лыдырҵеит, ацәгьоурақәа еизакны рзы илықәырҵеит ҩышықәсеи ҩымзи ҭакрала ахгара, ԥышәаратә ҿҳәарас фымз лыҭаны, хараԥсада.

Цәыббра 3, 2020 шықәсазы Очамчыратәи араионтә ӡбарҭа изакәанымкәа амцабџьар аҵәахреи ацәгьоура аҵәахреи рзы ахара здырҵо Валериан Шьанаа ишьаус аматериалқәа ирыхәаԥшуан.

Шьанаа аӡбарҭа харас иднаҵеит, иганахьала аӡбамҭагьы аднакылеит мшаԥы 21 инаркны лаҵара 8, 2020 шықәса рзы, ақьафурҭа "Сан Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз ауаҩшьра далахәын ҳәа изхәаԥшуа Беслан Бганба дахьыҟаҵәҟьаз дырны, "активла ицхраара даҿын, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан аҩнаҿы иара хазы ауада изалхны, фатәыла-жәтәыла деиқәыршәаны дҵәахны диман, убри алагьы Бганба аҭакԥхықәрахь иадԥхьалара даԥырхаган" ҳәа аарыцҳаит Апрокуратура хада адырраҭараҿы.

Ашьаус ахәаԥшра алҵшәақәа рыла, Шьанаа ахара идырҵеит, ацәгьоурақәа еизакны рзы иқәырҵеит хышықәса ҭакрала ахгара, ԥышәаратә ҿҳәарас ҩышықәса иҭаны, ахараԥса 40 нызқь мааҭ аҳәынҭқарра иазишәарц иқәҵаны.

Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа

Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿаз аиндаҭларақәа ирылагеит акомандақәа "Афони", "Саӡи" рыхәмаррала цәыббра 8 азы. Аиндаҭларақәа ирылахәуп аа-командак: "Нарҭ", "Динамо", "Ерцахә", "Риҵа", "Афон", "Самырзаҟан", "Гагра", "Саӡ".

Финальный матч Кубка Абхазии по футболу  - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа ахәмаррақәа ирылагоит

Аԥсны ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко иҳәеит уи шхыркәшахо цәыббра 16 рзы.

"Акомандақәа дара-дара еицыхәмаруеит. Аҵәҭаԥсара мҩаԥаагеит. Еицыхәмаруа шьақәҳаргылеит. Ахәмаррақәа ҩба иреиӷьу далыркаауеит. Нас имҩаԥгахоит афиналбжа. Уа ԥшь-командак хәмаруеит, анаҩс иаиааизгьы далкаахоит", - иҳәеит Федоренко.

Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿаз афинал мҩаԥгахоит абҵара 8 азы астадион "Динамо" аҿы.

COVID-19 аҭагылазаашьа

Аԥсны иахьаҵанакуа  акоронавирустә инфекциа аҭагылазаашьа уадаҩуп, COVID-19 змаз ахаҵа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны дыԥсит цәыббра 9 рзы.

"78 шықәса зхыҵуаз ахаҵа, ҩ-ганктәи аполисегментартә ковид-гәыҵәкра зманы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишьҭаз цәыббра 9 рзы иԥсҭазаара далҵит. Иара убасгьы иара иман ашьақар чымазара, ашьақәыӷәӷәара, аҷаҷачымазара. Амедицинатә усзуҩцәа ирылшо зегь шыҟарҵозгьы, аԥсыԥлагаҩагара азымхареи агәеисра аиԥҟьареи ирыхьҟьаны иԥсҭазаара далҵит", - аҳәоит COVID-19 ауааԥсыра рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырраҭараҿы.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус зыдбало апациентцәа ирныруаз аҳақьымцәа рҽыԥхьакра аамҭа ркьаҿуп

Аҭагылазаашьа уадаҩны иҟоуп аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны илҳәеит Аҟәа ақалакь аҵара аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

Цәыббра 11 азы иҟоу адыррақәа рыла, аҟәатәи абжьаратә школқәа рҵаҩцәа жәаҩык акоронавирус чымазара рыдбалоуп ҳәа лҳәеит лара.

Ҭаркьылԥҳа лажәақәа рыла, ҩажәаҩык арҵаҩцәа аҽыԥхьакрахь ишьҭуп. Иара убас, аҽыԥхьакра ицеит 60-ҩык ашколхәыҷқәа.

"Класск аҟны ҵаҩык ачымазара идбалазар, акласс зегьы ҩымчыбыжь аҽыԥхьакра ицоит", - лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.

Аҟәа ақалакь аҵара аҟәша аиҳабы иазгәалҭеит, ашколқәа зегь рҟны акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа рцәырҵреи ралаҵәареи иадҳәалоу ашәарҭарақәа рырмаҷра алзыршо аԥҟара-абжьгарақәа ишрықәныҟәо: актәи акласс аҟны аурок 30 минуҭ еиҳам, 2-11 аклассқәа рҟны- 35 минуҭ. Аԥсшьара аамҭа 10-15 минуҭ, аклассқәа аҳауа рыҩнарсразы.

Иара убас аԥсуа телехәаԥшра аефир аҟны Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иҳәеит, ҳтәылаҿы ишыҟоу хҩык ҩынтәны акоронавирус зыдбалоу.

Анализқәа рҭак аиура еиҵазырхо аҭҵаара рацәа ахьымҩаԥгатәу ауп иҳәеит аминистр. Иара иажәақәа рыла уахыки-ҽнаки рыла 200 анализ инареиҳаны иҭырҵаауеит. Абаклабораториа х-сменакны аус ауеит ҳәа азгәеиҭеит иара.

Центр крови имени О.К. Гаврилова принимает донорскую плазму COVREC - Sputnik Аҧсны
Аԥсны асанитартә-епидемиологиатә маҵзура даҽа COVID-лабораториак аанартыр ауеит

Цәыббра 12 рзы ИАЕ "ИнгурГЭС" аиҳабы Леван Мебониа адырра ҟаиҵеит Егры ГЕС аусзуҩцәа 50-ҩык рҟынӡа ачымазара рыдбалоуп ҳәа.

"Ааигәа, Аберқыҭ аҿы ақырҭуа ган ала аҳәаа иахысуаз аԥҳәыс лгәаҭараан илыдбалан акоронавирус. Дызныруаз ауаа рышьақәыргылара иалагеит. Аԥхьа ԥшьҩык чмазцәахеит, нас - 28-ҩык, ашьҭахь 16-ҩык. Иааидкыланы 50-ҩык рҟынӡа. Дара зегьы Аберқыҭ (Саберио) иатәуп, аӡәы – Жәыргьыҭ", - иҳәеит Леван Мебониа.

Мебониа ишиҳәо ала дара зегьы авирус аҟазшьа рныԥшуам, ус шакәугьы, акарантин ахь инашьҭуп.

Акоронавирус азы анализ ақырҭуа ган аҿы ирзыҟаҵан.

ЕгрыГЕС аусзуҩцәа азиншәҟәы рымоуп аҳәаа ахысразы.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус рыдырбалахьеит 656-ҩык, 186-ҩык ргәы бзиахеит, фҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0