Аҟәа ақалақь ахадараҿы иаԥырҵеит акоронавирус аҿагыларазы акоординациатә штаб

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба анапынҵа ҟаиҵеит ақалақь ахадараҿы акоординациатә центр еиҿкаазарци амедусҳәарҭақәа реинырра асхема рхиазарци.

АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадараҿы иаԥырҵеит акоронавирус аҿагыларазы акоординациатә штаб ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аштаб анапхгаҩы лхаҭыԥуаҩ Аелита Шьакаиаԥҳа.

"Аштаб Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа COVID-19 иазку азҵаарақәа ҳәаақәнаҵоит. Ақалақь ахада ишьақәирӷәӷәеит апациентцәа рмаршрутизациа. Амаршрутизациа иалнаршоит апациент аԥхьанатә днеир ахьакәу аилкаара. Аштаб ахылаԥшлоит амаршрутизациа иалахәу аструктуратә ҟәшақәа русура", - лҳәеит лара.

Апациент акоронавирус аҟазшьа змоу асимптомқәа идбалазар, иаҳҳәап: ашоура ҳарак, аԥсеивҵахара, аимҳәа, иара аҭел дасроуп абри аномер ала: 0303.

Ацәаҳәа ҷыдала аоператорцәа еилыркаауеит аҭел иасуа дахьынхо араион. Уи ашьҭахь дызду аполиклиника аҭел ирҭоит.

Работа сотрудников Кубань-СПАС - Sputnik Аҧсны
Адистанциеи арзҩыдареи: иарбан ԥкырақәоу COVID-19 иахырҟьаны иаларгаларц иҟоу

"Ауаҩы аномер 0303 ала Аҟәа иахьаҵанакуа аҭел дасуазар, Аҟәатәи ацәаҳәа ҷыдахь диаргоит, нас аоператорцәа дымҩақәырҵоит. Ари ауаҩы ирманшәаларазы ишьақәыргылоуп", - лҳәеит Шьакаиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, апациент ковид азы анализ аиҭар акәу акәму зыӡбо дахьынхо аҭыԥантәи аҳақьым иоуп. Апациент аҭел данаслак дахьынхо аҭыԥ зҵазкуа аполиклиникахь днарышьҭуеит. Уи ашьҭахь аҭыԥантәи аҳақьым апациент диҿцәажәаны аӡбара идикылоит COVID-19 азы анализ аҭатәу иаҭатәыму ҳәа.

"Амбулатортә етап аҿы аполиклиника аҳақьым апациент ианамнез еизикуеит, иҭагылазаашьа дазҵаауеит. Аинформациа еизганы иаԥхьаҟатәи иԥеиԥш иӡбоит – аҩны даанхо, ахәышәтәырҭахь днагатәу", - лҳәеит лара.

Аҳақьым ауаҩы иҭагылазаашьа бжьаратәны ма ихьанҭаны ишьазар, апациент COVID-19 атест аҭак иоуаанӡа аҿкчымазаратә хәышәтәырҭахь днагазар ауеит.

Апациент идыррақәа СЕС ахь инашьҭхоит.

Ацәаҳәа ҷыда ареспублика аҩнуҵҟа аус ауеит:

  • Аҟәа - иаку аномер 0303, иара убасгьы 925-10-06, 995-02-07; 935–30–71
  • Очамчыра - 925-10-09
  • Тҟәарчал - 925-10-03
  • Гал - 925-10-07
  • Гагра - 925-10-05
  • Гәдоуҭа - 925-10-02
  • Агәыӡера - 925-10-04.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус рыдырбалахьеит 782-ҩык, 226 пациент ргәы бзиахахьеит, быжьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла 26 коронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0