Аҳәааҿы анаркотикқәеи ААИ апост аҿы аҵарҭышеи: Аԥсны акриминалтә мчыбжьы

© SputnikМигалки
Мигалки  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амилициа аусзуҩцәа анаркотикқәа ирыдҳәалоу ацәгьоурақәа аадырԥшит, иӷьычыз амаҭәарқәа рыԥшааит амчыбжь ахи-аҵыхәеи рыла.

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иааныркылеит ахаҵеи аԥҳәыси – Аԥсны аҵакырашҟа анаркотикатә маҭәашьара ииазгарц зҭахыз. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура. Уи адагьы ари амчыбжь азы иаанкылан ААИ аусзуҩцәа аҵарҭышагаразы.

Sputnik

Амазара аӷьычра

Амилициа аусзуҩцәа иааныркылеит ҩыџьа ҳтәылауаа: 1995 шықәса рзы ииз – Ерик Беиеи Мураҭ Жьибеи. Дара ирымхын аԥара, ахьымаҭәа, аҭелқәа, ахатә цәамаҭәа уҳәа 670 нызқь мааҭ рыхә.

Дара ахара рыдҵоуп Алаҳаӡы асасааирҭаҟны иӷьычит ҳәа. Ацәгьоура оперативла иаарԥшын. Ашьаус хацыркны ашьаусҭҵаара мҩаԥысуеит.

Закәандарыла абџьар аҵәахра

Гәдоуҭа араион аҿы инхо ауаҩԥсы закәаншьаҭада абџьармаҭәа аахәара, иҵәахны амазаара, амҩангара, аныҟәгара ихараҵоуп.

Абџьари аџьаԥҳани Аԥсны ААР анаркотикқәа закәаншьаҭада реикәыршара анапхгара аусзуҩцәеи Гәдоуҭа араион ашьаусԥшаара аусзуҩцәеи имырхит Гәдоуҭа араион Лыхны инхо, 1980 шықәса рзы ииз Амиран Ӡкәиа. Иара уажәы анапынҵамҭа имхуп дахьынхо аҭыԥ ныжьны џьаргьы дшымцо азы. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа араион ашьаусԥшаара аҟәша.

Ключ в наручниках - Sputnik Аҧсны
"Алирика" Аԥсныҟа: Цандрыԥшь инхо аԥҳәыс аҳәааҿы дааныркылеит

Аҳәаа анаркотикқәа рахыгара

Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәа иааныркылеит абри амчыбжь азы атәылахь анаркотикқәа ралагалара зҽазызшәоз ҩыџьа атәылауаа.

Оган Оганиани Римма Павловеи аанкылан аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" рахысраан.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла Оганиан закәандарыла анаркотикатә маҭәашьар метадон аахәаны Аԥсныҟа иааигон.

Цандрыԥшь инхо Римма Павлова илыдбалан Аԥсны ззин ыҟам апсихотроптә маҭәашьар "Лирика" 28 капсула.

Амашьынаҿ амарихуана

Ареспублика ауаҩԥсы Саадыҭын Кәаӡба имашьынаҿы амарихуана рбеит апост "Маҷара" аҿы данааныркыла.

Сотрудник ДПС на посту - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭатәи автоинспекциа аусзуҩцәа аҵарҭышазы иаанкылоуп

Анаркотикатә маҭәашьар закәаншьаҭада иахьныҟәигоз азы Кәаӡба иганахьала ашьаус хацыркуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.

Аоперативтә експеримент

Гәдоуҭатәи ААР ҟәша аусзуҩцәа аанкылан аҵарҭыша ргоит ҳәа азыԥхьаӡаны Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа имҩаԥыргоз аоперативтә експеримент аан ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.

Апрокуратура адыррақәа рыла амилициа алеитенант Саид Гарцкиеи амилициа алеитенант аиҳабы Сасрыҟәа Чедиеи ААИ апост "Бамбора" аҿы рмаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараан быжьнызқь мааҭ аҵарҭыша ргеит.

Аԥсны Апрокуратура хада ашьаус хацнаркит Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 285 актәи ахәҭа (амаҵзуратә напынҵақәа ахрархәара); ахәҭаҷ 292 аԥшьбатәи ахәҭа апункт "а" (амаҵзурауаҩ аҵарҭыша аниго).

Ажәабжьқәа зегьы
0