Аҵара ҳамҭас: Аҵара аминистрра ашколхәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы акциа хацнаркит

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДистанционное обучение
Дистанционное обучение - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Ашколхәыҷ изы аелектронтә техника ҳамҭас" иалахәхар зҭаху зегьы ироуеит алшара ԥарала, ма еиқәшәоу акомпиутертә техникала ашколхәыҷқәа ацхыраара рырҭарц.

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра ихацнаркит агәыҳалалратә акциа "Ашколхәыҷ изы  аелектронтә техника ҳамҭас". Абри атәы аанацҳауеит аусҳәарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

"Ҳара ашколқәа иаразнакы иаабац аусурахь риасра уадаҩхар алшоит ҳәа иазыԥхьаӡаны иаҳҭахуп онлаини офлаини аформатқәа реилагӡара. Уи адагьы иахьатәи аамҭазы ашколхәыҷ аноутбук имамкәа иҵараҵара шыуадаҩу аанарԥшит 2020 шықәса ааԥынраамҭа", - аҳәоит атекст аҿы.

Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра иаҳгәаланаршәоит 2020 шықәса хәажәкырамзазы COVID-19 аҭагылазаашьа иахҟьаны аҵаратә усҳәарҭақәа жәпакы адистанциатә ҵарахьы ишиасыз.

Дистанционное обучение школьников в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Аҵара аминистрра: COVID-19 иахырҟьаны ашколқәа раркра макьана иаҭахны иҟам

"Еилкаахеит аҩны аинтернет ыҟамзар, ирыхәҭоу аелектронтә хархәагақәа рхыԥхьаӡара ыҟамзар ахәыҷқәа аҽазыҟаҵара шрылымшо. Аҭаацәарақәа жәпакы, аиҳаракгьы ахәыҷы рацәа змоу рҭагылазаашьа уадаҩхеит", - аҳәоит атекст.

Абри аҩыза аҭагылазаашьаан «ҳаамҭазтәи ауаҩы изин хадақәа иреиуоу, аҵара амазаара, ашәарҭара иҭагылеит» ҳәа азгәарҭоит аминистрраҟны.

Ашколхәыҷқәа ацхыраара рырҭар алшоит ахатәхаҿқәа реиԥш аиҿкаарақәагьы. Абри азы ашәҟәы нашьҭтәуп Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра аелектронтә ԥошьҭахь.

Иахьазы Аԥсны акарантин адҟаҵалоуп школк амацара. Аҟәатәи ашкол №1 арҵаҩы лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи 14 мштәи ахыԥхьакрахь ирышьҭит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0