Ақалақь ахадара атәылауаа рыдкылара иаҟәыҵит

© SputnikАдминистрация города Сухум
Администрация города Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ари ауснагӡатә атәылаҿ иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа хьанҭа иадҳәалоуп. Ақалақь ахадара атәылауаа иаарышьҭуа ашәҟәқәеи аҭел ианасуеи рҭак ҟарҵалоит.

АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ақалақь ахадара атәылауаа рыдкылара ааннакылеит атәылаҿ иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа хьанҭа инадҳәаланы. Абри атәы Sputnik иазаанацҳаит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Акоронавирус рымазар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу рыда егьырҭ аусзуҩцәа аусура иҭыҵуеит. Аҭел иасуа аҭак рырҭоит, аелектронтә ԥошьҭахь иаарышьҭуа ашәҟәқәагьы иара убас", - ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Аҭааҩцәа рыдкылара анхацыркхо макьаназ еилкаам.

Аԥсны еиҳа-еиҳа еизҳауеит COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара. Иахьазы иазгәаҭоуп 2343-ҩык, 854-ҩык ргәы бзиахахьеит, 23–ҩык ԥсхьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0