Аԥсуа жәлар рмузыка асаит аԥҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль Апхьарца
Ансамбль  Апхьарца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
150 инареиҳаны иуникалу аԥсуа жәлар рашәақәа, афольклор аизгаҩцәа Константин Ковач, Иван Шамба, Баграт Багаҭелиа уҳәа ианырҵаз иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп.

АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik. Уажәшьҭарнахыс аинтернет аҿы иҟоуп аԥсуа жәлар рашәақәа рсаит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит асаит аԥҵаҩы Алмасхан Марколиа.

"Сара еснагь жәлар рмузыка аинтерес сыман, ажәытә ашәақәа еизызгон, еидыскылон. Аматериал ду еизакны исымоуп. Акраамҭа иазызура сыздырамызт. Аиааира Амш азы агәаанагара соуит – аинтернет ала ицәырганы ауаа идсырдырроуп ҳәа. Абас ала асаит аԥысҵеит", -ҳәа иҳәеит иара.

Асаит apsuawa.com ахь иҭагалоуп 100 инарзынаԥшуа жанр рацәала ашәақәа. Марколиа акыршықәса еидикылон иколлекциа, афольклор знапы алакыз ауаа дрыҿцәажәон, абиблиотекақәа рҿы атекстқәа иԥшаауан.

Концерт государственного оркестра народных инструментов - Sputnik Аҧсны
Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп афестиваль "Раида"

"Асаит аҿы иуԥылоит афырхаҵаратә, ақьачақьтә, ақьабзтә ашәақәа. Хазы иҟоуп аԥсуа жәлар ринструментқәа рыҟәша, амузыкатә литература аҟәша", - ҳәа азгәеиҭоит Марколиа.

Иара иҳәеит асаит азы ариаҟара арҽхәаԥхьыӡ иаҳап ҳәа дшымгәыӷуаз.

"Асаит аиҳарак амузыка знапы алаку ракәын иззыскуаз, аха ирацәаҩхеит уи азы ҭабуп ҳәа сазҳәоз, асоциалтә ҳақәа рҿы ашәҟәқәа сзызыҩуаз. Ҭабуп ҳәа заҳәатәыҵәҟьоу аханатә дара мырӡкәа еизызкыгаз роуп", - иҳәоит Алмасхан Марколиа.

Иара игәҭакуп асаит англызбызшәатә версиа аиҿкаара аҳәаанырцә тәылақәа рзы.

Есышықәса Аԥсны имҩаԥысуеит афольклортә вокалтә ансамбльқәа рфестиваль "Раида". Уи сынтәа жәашықәса ахыҵит. Афестиваль аԥҵан аԥсуа жәлар рфольклортә ҭынха аиқәырхаразы. Афестиваль мҩаԥысуеит Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә центр анапхгарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0