00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:30
30 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Ацәаӷәара ахәԥсақәа, анхацәа тракторла реиқәыршәара: Ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнак ицәажәара
13:19
3 мин
Аиҿцәажәара
Кутол ақыҭа ахадареи ашколи рхыбрақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усқәа хыркәшоуп
13:22
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
On air
13:45
3 мин
Аиҿцәажәара
Аҵиаақәа ԥырхага рызҭо ахәаҷақәа рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу: аеколог ицәажәара
13:49
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Очамчырский район: поддержка села, пахота и подготовка к сезону
14:17
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
Экспонаты для будущего Дома- музея Чачба: интервью инициатора проекта
18:49
15 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Леон Сабуа "Краснодари" "Челси"реицыхәмарра далахәхеит

© Foto / Instagram/sabua.teamЛеон Сабуа
Леон Сабуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
20-шықәса зхыҵуа Леон Сабуа – Аԥснытәи шьапылампыласҩуп. 2006 -2012 шықәсқәа рзы Гагра ахәыҷы-қәыԥштә спортшкол аҿы иҽазыҟаиҵон.

АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа шьапылампыл ааӡамҭа Леон Сабуа, аклуб "Краснодар" азы ихәмаруа, "Краснодари" "Челси" реицыхәмарра далахәхеит.

Аԥсны иазыԥшын ачемпионцәа Рлига ахәмарраан рџьынџьуаҩ ашьапылампылтә-дәы дықәлап ҳәа. Ахәмарраз акоманда алахәылацәа рсиа анрыларҳәа актәи ахәмарцәа хадацәа дышрыламшәазгьы аԥхьакцәа рсиаҿы ижәла ҳәан.

Футбольный матч между командами Афон - Гагра - Sputnik Аҧсны
"Риҵеи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеиит

"Краснодари" "Челси" агәыԥ Е аҿы ихәмаруеит, дара реиԥылара аҟынӡа акомандақәа хәмаррак-хәмаррак мҩаԥыргахьан, еиҭахарылагьы ихдыркәшахьан. Абас ала агәыԥ акомандақәа рыԥшьба очкок-очкок рыман.

Актәи атаим аан англыз хәмарыҩ Каллум Хадсон-Одои иҩыза Хаверц иҟынтәи иоуз ампыл "Краснодар" амбахьчаҩ Матвеи Сафонов инапы иахьысны амба иҭаиршәит. Аҩбатәи  атаим аҿы "Челси" ахәмарыҩ Тимо Вернер пенальти ала  76-тәи аминуҭ азы аҽа мпылк ҭаиршәит. Аҽа-ԥшьминуҭк ааҵуаны Хаким Зиеш икоманда аԥыжәара аиҭеит– 0:3

87-тәи аминуҭ азы ахәмарцәа дрылалеит Леон Сабуа. Иара диԥсахит ажәылаҩ Маркус Берг. Аԥсуа спортсмен изы "Челси" ацыхәмарра дебиуттә хәмаррахеит ачемпионцәа Рлигаҿ. 90-тәи аминуҭ азы Кристиан Пулишич аҽа мпылк ҭаиршәит. 

20-шықәса зхыҵуа Леон Сабуа – Аԥснытәи шьапылампыласҩуп. 2006 -2012 шықәсқәа рзы Гагра ахәыҷы-қәыԥштә спортшкол аҿы иҽазыҟаиҵон. 2012 шықәсазы ашьапылампылтә клуб "Краснодар" Академиа дҭалеит.

Иазыҟаҵаҩ Георги Арутиунов "Краснодари" "Челси" реицыхәмарра аԥхьа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит Сабуа адәы иқәлара дшазыԥшу.

"Иахьа ахәмарра даламшәаргьы, уи аҩыза алшара ахьиоузгьы акыр иаԥсоуп. Сара, ҳәарада, сахәаԥшуан Урыстәыла ачемпионат аҿы Леон ампыл амба ианҭаиршәыз. Агәра згоит аԥеиԥш бзиа имоуп", - иҳәеит иара.

"Краснодар" ахьчаҩбжа Леон Сабуа Урыстәыла апремьер-лиге  ахәмарра далахәын, ампыл ҭаиршәит "Краснодар" аԥыжәара аҭо.
2020/21 шықәсқәа асезон азы 15 хәмарра дрылахәхахьеит, хә-мпылк ҭаиршәхьеит. Иара убасгьы апрофессионалтә лигаҿ  "Краснодар-3" азы дыхәмаруан.

Ажәабжьқәа зегьы
0