Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҿы акоронавирус змоу 100-ҩык рхәышәтәхьеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова
Госпиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи арратә округ арратә амедусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аҿы иаарту ахырхарҭарацәатә мобилтә госпиталь аҿы коронавирустә инфекциа COVID-19 зыдбалоу апациентцәа рыдкылареи рыхәышәтәреи иаҿуп.

АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Аҟәаҟа иааз Урыстәылатәи амобилтә госпиталь жьҭаара 20 раахыс 150-ҩык рҟынӡа апациентцәа аднакылахьеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аокруг апресс-маҵзура.

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп жьҭаара 20 раахыс Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҿы COVID змоу шәҩыуаак хәышәтәны рыҩныҟақәа рахь илырҩаахьеит ҳәа.

Уажәазы Аҟәа ақалақь аҿы иаарту ахырхарҭарацәатә мобилтә госпиталь аҿы акоронавирустә инфекциа COVID-19 зыдбалоу апациентцәа 50-ҩык шьҭоуп. Дара иахәҭоу ахәышәтәра роуеит. Ишьҭоу зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәылауаауп.

Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
Амобилтә госпиталь жьҭаара 20 раахыс 100-ҩык рҟынӡа апациентцәа аднакылахьеит

Ачымазцәа ацхыраара ласы амашьынақәа рыла инаргоит аучасткатә ҳақьымцәеи аҭыԥантәи аҳақьымцәеи реицеиқәшаҳаҭрала.

Агоспиталь аус ауеижьҭеи 2-нызқь ПЦР-диагностика мҩаԥнагахьеит. Анализқәа нарышьҭуеит Аԥсны алабараториақәа рҟынтәи, аҭҵаарақәа рҭак уахь идырхынҳәуеит.

Амобилтә госпиталь ареспубликахь иаашьҭуп акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы Аладатәи арратә округ аҟынтәи Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтә Аҟәаҟа.

Ажәабжьқәа зегьы
0