Аԥснытәи "Олимпик" Шәача ашьапылампылтә турнир аҿы ииааиит

© SputnikФутбольный мяч
Футбольный мяч - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи "Олимпик" хынтәуп ашьапылампылтә лига "8 на 8" аҽаланархәуеижьҭеи. Ииасыз ашықәс аан ахԥатәи аҭыԥ аннакылеит.

АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik. Аԥснытәи ашьапылампылтә команда "Олимпик" актәи аҭыԥ аннакылеит ашьапылампылтә лига "8 на 8" атурнир аҿы. Уи ала Урыстәыла ачемпионат ахь амҩа аартхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит акоманда акапитан Рамин Барганџьиа.

"15 хәмарра мҩаԥаагеит. Иааира-цыԥхьаӡа хԥа-хԥа очко ҳауан, аиҭахаразы – акы. Абас, маҷ-маҷла актәи аҭыԥ аҟынӡа ҳнеиит", - иҳәеит иара.

Атурнир мҩаԥысуан нанҳәа 9 инаркны абҵара 8 рҟынӡа. 

Аԥснытәи акоманда "Олимпик" атурнир аихшьаалақәа рыла Урыстәыла ачемпионат "8 на 8" ахь амҩа ылнахит. Заанаҵтәи аинформациала ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамзазы Адлер.

© Foto / Рамин БарганджияАԥснытәи "Олимпик" Шәача ашьапылампылтә турнир аҿы ииааиит
Аԥснытәи Олимпик Шәача ашьапылампылтә турнир аҿы ииааиит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи "Олимпик" Шәача ашьапылампылтә турнир аҿы ииааиит

"Олимпик" шьаҭаркын 2019 шықәса рзы. "Олимпик" хынтәуп ашьапылампылтә лига "8 на 8" аҽаланархәуеижьҭеи. Уаанӡа ахԥатәи аҭыԥ аннакылахьан.

Ашьапылампылтә лига "8 на 8" аҿы ихәмаруа акомандақәа ааҩык алахәылацәа рымоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0