Аҟәа иаадыртит амбулатортә центр аковид пациентцәа рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукНовый амбулаторный центр для ковидных пациентов
Новый амбулаторный центр для ковидных пациентов  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацентр аҿы иазыԥхьагәаҭоуп жәеиза иара-ҭыԥ, аха урҭ ирыцҵахар ҟалоит апациентцәа рхыԥхьаӡара иаҿырԥшны.

АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik. Аҟәа, Турбаза араион аҿы иаадыртит амбулатортә центр аковид пациентцәа рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы аоперативтә штаб алахәыла Алхас Аџьынџьал.

Госпиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҿы акоронавирус змоу 100-ҩык рхәышәтәхьеит

Иара ишиҳәо ала ацентр ахь унеир ҟалоит аполиклиникатә ҳақьым ма ахәышәтәырҭа аҳақьым рзин ала.

"Иаҳҳәап, ауаҩы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟынтәи дылырҩааит, аха макьаназы дахьынхо аҭыԥала ихәышәтәра иациҵароуп. Аҟәа дынхозар ишәҟәқәа иманы ацентр ахь дааиуеит, ҳара ара иахәҭоу апроцедурақәа мҩаԥаагалоит", - иҳәеит иара.

Ацентр аҿы амаҵзурақәа зегьы хәыда-ԥсадоуп, аха апациентцәа ахәшә дара инаргалароуп.

"Хәшәыла реиқәыршәара ҳзалыршом. Ауаҩы иахәҭоу ихәшә иманы днеиуеит, ара иҟаҵатәу зегь ҟарҵоит иаҭаху аҭагылазаашьақәа рыла", - иҳәеит Аџьынџьал.

Иара убасгьы агәаҭара ҟалоит уҵәыҵәри аҩаӡара, акардиограмма аҭыхра, ашьақәыӷәӷәара ашәара, ашьақар аҟазаара.

"Арҭ апроцедурақәа ауаа ргәабзиара ашьклаԥшраҿ хра рымоуп, ахалахыхәышәтәра иацәырыхьчоит", - азгәеиҭоит аҳақьым.

© Sputnik / Томас ТхайцукНовый амбулаторный центр для ковидных пациентов
Аҟәа иаадыртит амбулатортә центр аковид пациентцәа рзы - Sputnik Аҧсны
Новый амбулаторный центр для ковидных пациентов

Аоперштаб алахәыла иҳәеит амбулатортә центр ахыбра хәыда-ԥсада ишрырҭаз, иара убас ауаа ацхыраара шыҟарҵаз иахәҭаз амедицинатә хархәагақәа рыла аиқәыршәаразгьы. Аныхрақәа рхарҭәаарахь иадгалоуп Апарламент иоунажьыз аԥарақәа рыхәҭакгьы.

Аԥхьанатә иазыԥхьагәаҭан аволонтертә центр аиҿкаара аха нас амедперсонал ирзыршәаша аԥара ԥшаахеит.

Аоперштаб анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Аелита Шьакаиаԥҳа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы илҳәеит ацентр Синоптәи аполиклиника ишадҳәалахо.

Ацентр аус ауеит есыҽны, асааҭ 9:00 - 20:00.

Иахьазы Аԥсны коронавирус рыдбалоуп 4772-ҩык, 55-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит, ргәы бзиахеит 2929-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0