Sputnik амчыбжь: ахадацәа реиԥылара, Ҭарба иус аҿы азыӡба, афымцалашара арцәара

Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аҿы – абҵара 9-15 рзы ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ихадароу ахҭысқәа.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа иаартын амбулатортә центр акоронавирус змоу рзы, ахархәара аҭан COVID-19 ахәышәтәраҿы аметод ҿыц, Шәача имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылара, иалагалан афымцалашара арцәара аграфик.

Sputnik

Акоронавирус ажәабжь ҿыцқәа

Аԥсны иаахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа акыр аҽаҟьоит. Иӷәӷәаны ичмазаҩу апациентцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь, амобилтә госпитал рҿы ишьҭоуп.

Новый амбулаторный центр для ковидных пациентов  - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаадыртит амбулатортә центр аковид пациентцәа рзы

Ари амчыбжь азы Аҟәа, "Турбаза" аҳаблаҿы иаартын аковид пациентцәа рзы амбулатортә центр.

Ацентр ахь унеир ҟалоит аполиклиникатә ҳақьым ма ахәышәтәырҭа аҳақьым азин ҟарҵозар, ара иахәҭоу апроцедурақәа мҩаԥыргоит.

Ацентр аҿы амаҵзурақәа зегьы хәыда-ԥсадоуп, ара игәоуҭар ҟалоит уҵәыҵәри аҩаӡара, акардиограмма аҭыхра, ашьақәыӷәӷәара ашәара, ашьақар аҩаӡара. Арҭ апроцедурақәа ауаа ргәабзиара ашьклаԥшраҿ хра рымоуп, ахалахыхәышәтәра иацәырыхьчоит.

Ииасыз амчыбжь азы раԥхьаӡа акәны авирус ахәышәтәразы аплазма ахы иархәан. Аԥсны раԥхьаӡа акәны ашьа аплазма ахархәара арҭеит COVID-19 зыдбалоу ачымазаҩ иҭынхацәа иҟарҵаз аҳәарала, лҳәеит аҳақьым-анестезиолог-ареаниматолог Мадина Дасаниаԥҳа.

COVID-19 ахәышәтәразы ари апроцедура ԥхьаҟагьы ахархәара алшоит. Дасаниаԥҳа лажәақәа рыла, уи азы ашьеилаҭәарҭа астанциеи адонори роуп иаҭаху.

Ҩ-тәылак рхадацәа реиԥылара

Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Шәача аԥшьаша, абҵара 12 рзы реиԥылара мҩаԥысит.

Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Асланом Бжанией - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҩыза хада: Путини Бжьаниеи реиԥылара шымҩаԥысыз

Аслан Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Путин Аԥсны еснагь сас дахьк иаҳасабала ишизыԥшу, ареспубликахь ааԥхьарагьы ииҭеит.

Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар рыхьӡала ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аурыс жәлар, ҷыдала Владимир Путин акыршықәса раахыс ареспублика иазыҟарҵо ацхыраареи адгылареи рзы.

Бжьаниа Путин агәра ииргеит напы зҵаҩу аусеицуразы аиқәшаҳаҭра дуи егьырҭ аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәеи Аԥсны анапхгара хымԥада ишынарыгӡо азы, "избанзар, дара зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа ирықәшәоит, Аԥсны аҳәынҭқарреи асуверенитети дырӷәӷәоит".

Аиԥылара мҩаԥысуан х-сааҭк инарзынаԥшуа. Абри ашьҭахь Бжьаниа иазгәеиҭеит "аиԥылара ҳтәыла хра азҭо, аизыҟазаашьақәа еиӷьызтәуа" ракәны иҟоуп ҳәа.

Алашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит

Абҵара 15, 2020 шықәса инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит.

Аграфик инақәыршәаны, алашара дырцәалоит уахыки-ҽнаки рыла хынтә.

Афымцамч изакәанымкәа зҽаԥызшьуа ахархәаҩцәа раарԥшразы агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа ирыцырҵалоит, анаҩс урҭ Аԥсны афымцамчтә система уаҳа аҽаԥшьра рылымшартә еиԥш иаҿырхларц азы.

Еимаку ацҳа

Изаамҭанытәим Аԥсны Апарламент аилатәара мҩаԥган урыстәылатәи АИХқәа рҿы ицәырҵыз Ԥсоу аӡиас Аибга ақыҭа иахьаҵанакуаз ацҳа хырҵеит ҳәа адырра иҟарҵаз инадҳәаланы. Аԥсны Апарламент Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи рнапы ианнаҵеит Аибгатәи ацҳазы аҭагылазаашьа ҭырҵаарц.

Новый мост в между абхазской и российской частью села Аибга  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент ААРи АШәМ рнапы ианнаҵеит Аибгатәи ацҳазы аҭагылазаашьа ҭырҵаарц

Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз адепутат Илиа Гәниа иҳәеит: "Ҳара аинформациа ҭаҳҵааит. Еиқәшаҳаҭрада урыстәылатәи аганахьала ацҳа аӡы ихҵоуп. Ацҳа ахҵара ҵаҵӷәык аманы иаабом. Азҵаара ҳаналацәажәа ашьҭахь Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи рнапы ианаҳҵеит Аибгатәи ацҳазы аҭагылазаашьа ҭырҵаарц, еиқәшаҳаҭрада ацҳа зыхҵаз. Аҳәынҭқаррабжьаратә комиссиа аӡбара ада уи зынӡа иҟаломызт", - ҳәа.

Аӡәгьы ахара идым

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа хәымз имҩаԥысуаз аилыргарақәа рышьҭахь, аӡбаҩ Инар Кәарҷиа иӡбарала ишьақәыргылан Аԥсны ААР аусзуҩцәа Адгәыр Аутлев, Витали Кулов, Бадри Џьыкырба, Аслан Чедиа хара рымамызт ҳәа.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ҭарба иԥсра аус азы гәҩарас иҟаз ауаа ахара рыдым ҳәа ианариаша ашьҭахь ақәҵара аднакылеит ззинмчқәа ишахәҭаз иназмыгӡаз Апрокуратура хада аусзуҩцәа рымшала акрызҵазкуаз амаҭәартә ршаҳаҭгақәа ырӡын ҳәа.

Аԥсны Апрокуратура хада Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы иаанкыланы иҟаз Анзор Ҭарба иԥсра аус аганахьала иаднакылаз аӡбамҭа закәаным, иагьҵаҵӷәыдоуп ҳәа иаԥхьаӡоит. Азыӡба аахашшаара рыгәҭакуп Ҭарба иҭахцәагьы.

Амчыбжь азтәи аԥхьатәарақәа

Жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба ԥхьатәара дышцо азы арзаҳал иҩит. Арзаҳал Facebook аҿтәи идаҟьаҿы икьыԥхьит.

Ахра Авидзба  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба ԥхьатәара ацаразы арзаҳал иҩит

"Акьыԥхь иасырбоит "умыццакын" ҳәа рымҳәарц, сахьырхәра иаламгарц. Иҟасҵаз ҟасҵеит. Сақәгәыӷуеит рнапы аҵарҩып ҳәа", - иҩуеит иара.

Ари амчыбжь азы Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр адиректор хада, Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба хатәгәаԥхарала инапынҵақәа аанижьит.

Sputnik аинтервиу анеиҭоз иара иҳәеит Франциаҟа, иҭаацәа рахь дшыхынҳәуа. Аԥсны акультура аминистр иажәақәа рыла, Аԥсуа драматә театр анапхгаҩ ҿыц хара имгакәа иӡбахә ҳәахоит.

Искандер имҩаҿы аӡхыҵра

Аҟәа, Искандер имҩаҿы аӡхыҵра ду ҟалеит. Зҿыгҳара 500 миллиметра иҟаз аӡымҩангага аиԥшьырҭаҿы иԥжәеит. Аӡы 30 сантиметр рҟынӡа ишьҭыҵны амҩақәа ирнылеит, аҩнқәа ирыҩналеит. Авариа ахьыҟалаз иаразнакы инеит аҟазауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0