Аԥсны даҽа 85-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 238-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 85-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, абҵара 28 - Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы аԥсҭбарақәа ҩба ҟалеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абҵара 18 рзы иԥсҭазаара далҵит 1946 шықәсазы ииз апациент. Иара акоронавирустә инфекциеи ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи иманы ахәышәтәырҭа дҭашәеит жьҭаара 19 рзы. Иақәнагаз атерапиа шызмҩаԥыргозгьы, идунеи иԥсахит игәеисра аԥсыҽхара иахҟьаны абҵара 28 рзы, ашьыжь.

Иԥсҭазаара далҵит 74 шықәса ирҭагылаз даҽа пациентк. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит жьҭаара 26 рзы акоронавирус ицәа иаланы. Изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа, апациент иԥсҭазаара далҵит абҵара 27 рзы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 67-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 56-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 7-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 34-ҩык апациентцәа, аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп.

Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 45-ҩык апациентцәа. 43-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ҩыџьа рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5883-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3678-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 81-ҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0