Афымцамчусзуҩцәа Аҟәа аиҳарак алашара ахәылбыҽха иҟалоит ҳәа иақәгәыӷуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛампочки
Лампочки  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астанциа маҷ Аҟәа 1 аҟны авариа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы 2-3 мчыбжь аҭахуп. Ари аамҭазы ауааԥсыра афымцалашара рыҭахоит асхема ҿыц ала.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Астанциа маҷ Аҟәа 1 аҟны иҟалаз абылра ашьҭахь фымцалашарада иаанхаз аҳҭнықалақь араионқәа рахь алашара неиртә иҟарҵоит ҳәа ргәы иҭоуп ԥхынҷкәын 6 ахәылбыҽха, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.

"Иацы ҳара Ажәытә ҳабла алашара наҳашьҭит даҽа хырхарҭақәак рҟынтәи, наплакык аҿаҳхын ауаа алашара раҳҭеит. Иара убас аҿкчымазаратә хәышәтәырҭахь, ачазауад ахь афымцалашара наҳашьҭит. Аусурақәа ҳарҿуп, хәылбыҽханӡа астанциаҟынтәи Аҟәа алашара ахьыҟам араионқәа реиҳарак рахь алашара наҳашьҭып ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит Џьынџьал.

Иара излеиҳәаз ала, аусзуҩцәа х-сменакны аусура иаҿуп уахи-ҽни.

Џьынџьал иажәақәа рыла, амцакра зыхҟьаз ари аобиект афымцеидара ӷәӷәа иахьаҵоу, насгьы амыругақәа ахьжәытәу азоуп. Ари аҩыза ҟамлар ауан ауаа афымцалашара иеиҷаҳауазҭгьы ҳәа агәра ганы дыҟоуп иара.

"Ари аҩыза ҟамларгьы ауан ауаа хыда арлашагақәа аҿарымкуазҭгьы, ҩба-хԥа еихагыла иҟоу рыҩнқәа дмырԥхалозҭгьы, закәаншьаҭада аус зуа амаинерцәа рҽаҿырхызҭгьы, урҭ рхыԥхьаӡара усгьы еиҳа-еиҳа ацлара иаҿуп. Ари аамҭа иалагӡаны ҳара иаҿаҳхит быжь-фермак, аха урҭ зтәыз рмыругақәа рыҩныҟа иҩнагаланы иаҿаркуа иалагеит", - иҳәеит Џьынџьал.

Ремонт на ПС Сухум-1  - Sputnik Аҧсны
Аамҭалатәи амаҭәахә ықәдыргылоит амцакра ахьыҟалаз афымцеихшарҭаҟны

Афымцеихшарҭа Аҟәа 1 аҟны амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь асааҭ 5:20 рзы, уи иахҟьаны Аҟәа агәи, Мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи фымцалашарада иаанхеит.

Ари амашәыр аҭыԥ ақәҵаразы "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы уахь инашьҭын. Уи аҽныҵәҟьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит.

Ԥхынҷкәын 5 рзы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Instagram аҿтәи лдаҟьаҿы ианылҵеит: "Аҟәатәи афымцеихшарҭаҿы аусурақәа абылра ҟалаанӡа ирылагахьан, уа ишьақәыргылаз амыругақәа зегьы рыԥсахра азԥхьагәаҭан. Уажәы иблыз амыругақәа рхаҭыԥан ишьақәдыргыло зегьы аахәаны ишьҭан. Рыхәҭак ҩаԥхьа иаагоуп".

Озган иара убас ланҵамҭаҿы иазгәалҭеит арҭ аусурақәа ҩымчыбжь иреиҵамкәа ишырго.

Ажәабжьқәа зегьы
0