Аԥсны ААР закәаншьаҭада аус зуаз амаининг-ферма ықәыргеит

© Foto / МВД РАИзъятие криптофермы
Изъятие криптофермы  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион 1-тәи Гал аҟны ԥхынҷкәынмза алагамҭаз афымцамч иаҿыхын 1100 хархәага зыҩнагылаз амаининг-ферма. Ус шакәызгьы аферма маӡала аус ауан.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭа аусзуҩцәеи Аԥсны ААР СОБР аусзуҩцәеи  акриптавалиута аиуга ахархәагақәа ықәыргеит, азин амамкәа аус зуаз амаининг-фермаҿ абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Ари, 1100 хархәага зыҩнагылаз амаининг-ферма Тҟәарчал араион 1-тәи Гал аҟны ԥхынҷкәынмза 4 рзы афымцамч иаҿыхын, амҳәыр аарханы иҟан, ус шакәызгьы аферма маӡала аус ауан.

Аиҭагәаҭараан ишьақәыргылан амҳәыр шақәхыз, афымцамч ахархәагақәа шаԥшьыз.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адырра ҟанаҵоит акриптавалиута аиуразы аус зуа афермақәа аиҭагәаҭарақәа ишахрыжьуа, афымцамч иаҿыгазгьы ахылаԥшра шрырҭо.

Уаанӡатәи адыррала "Акриптовалиута аиуразы аусура аҭышәныртәалара ауснагӡатәқәа рзы" ҳәа Аԥсны аиҳабыра рықәҵара анагӡаразы Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы аусбарҭа аусзуҩцәа СОБР ацхырааралеи араионтә фымцанашьҭра аусбарҭақәа русзуҩцәа алархәны мчыбжьык аҩнуҵҟа 7000 ахархәага зыҩнагылаз маинингтә ферма русура ааныркылеит.

Аминистрцәа реилазаара аамҭала Аԥсныҟа амаинингтә хархәагақәа ралагалара азин аанкылахарц ақәҵара аднакылахьан жьҭаара 21 рзы, уи инақәыршәаны 2020 шықәса ԥхынҷкәын 20 инаркны 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа ари ақәҵара аус аулоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0