АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аҟәа аӡымҩангагақәа рышьҭаҵараз ахыркәшаратә усурақәа ирҿуп. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аӡымҩангагақәа ԥсахуп Гәлиа, Џьонуа, Абазақәа рымҩаҿы. Уажәы урҭ амагистралтә цәаҳәақәа ирԥыршьуеит.

Аусурақәа зегьы мышкы ахы-аҵыхәала имҩаԥгахоит ақалақьуаа аӡазы еиламхарц.
Аусура аплан иалацәажәан ииасыз амчыбжь азы аҳҭнықалақь ахадараҿы.

Гәлиа, Џьонуа, Дбар, Воронова, Лакоба, Коӷониа, Басариа, Абазинскаиа, Арӡынба амҩақәа реихысырҭақәа ҩеижәа рҿы аӡымҩангагақәеи амагистралтә цәаҳәақәеи еиԥыршьраны иҟоуп.

Арҭ аусурақәа ирхырҟьаны ашәахьаҽны ауаажәларратәи ахатәи транспорт рныҟәара ркьаҿуп. Аӡы ауааԥсыра рыҭара ԥкуп. Аџьармыкьа хадеи ааигәа-сигәа иҟоу адәқьанқәеи аус руам.