Анқәаб COVID-19 аҟынтәи Москва иҽыхәышәтәра иациҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса
Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ажьырныҳәа 8 раахыс акоронавирустә инфекциаҟынтәи иҽихәышәтәуеит.

АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Александр Анқәаб, аԥыза-министр акоронавирустә инфекциаҟынтәи иҽыхәышәтәра иациҵоит Урыстәыла Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр ФМБА аҟны ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

"Аҳақьымцәа изларҳәо ала, аиҳабыра рхада иҭагылазаашьа иҵоуроу адинамика амоуп", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Уаанӡа Александр Анқәаб игәабзиара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, ихдырра цқьоуп, ахәышәтәыҩцәа рперсонали иареи аинырра рымоуп, аиӷьхара инубаалоит ҳәа азгәарҭон аҳақьымцәа. Аԥыза-министр иахәҭоу ахәышәтәра ирҭоит.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб акоронавирус ицәа ишалаз аарԥшын ԥхынҷкәын 30 рзы, ажьырныҳәа 5 рзы иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Хымш рышьҭахь иӡбан иара ихәышәтәра Москва иациҵарц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0