Бжьаниа хаҭала игәеиҭеит акриптофермақәа раҿыхра шымҩаԥысуа

© Sputnik / Марианна Кубрава Пресс-конференция президента Абхазии Аслана Бжания
Пресс-конференция президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабранмзазы Аԥсны афымцамчхархәара 100 мегаваттк рыла еиҳахеит. Арҭ арбагақәа ааган Аминистрцәа реилазаара инарҭбаау аилатәараҿы.

АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аус зуаз амаининг ферма ахьырыԥшааз аҭыԥ аҿы аӡәгьы игәы иҽанӡамкәа днеиит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аферма, 300 маининг-аппарат аус ахьыруаз Гәылрыԥшь араион, Бабышьра аҳабла акаҭрантә зауад аҵакыраҿы иаарԥшын.

Ахада адҵа ҟаиҵеит ахархәагақәа ықәгазарц, Гәылрыԥшь араион ахада инапы ианиҵеит ақыҭа ахада имаҵура дамихырц.

Уи адагьы аҩныҵҟатәи ауқәа рраионтә ҟәшақәа рхадацәеи ашәарҭадаратә маҵзура араионтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәеи лахь рыҭан.

Рейд по отключению майнинг ферм в очамчырском р-не - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2021
"Амшынеиқәафымцамч" 2,5 МВт зылшара ыҟаз акриптоферма аҿырхит

Аслан Бжьаниа иара убасгьы днеиит жәабран 24 рзы Очамчыра уаанӡатәи ачаифабрика аҵакыраҿы иаарԥшыз акриптоферма ахьыҟаз аҭыԥ ахь.

Амилициа араионтә ҟәша аиҳабы Леуан Аҳәба ахада иеиҳәеит адокументқәа инарықәыршәаны аферма зхатәу Баслахә ақыҭан инхо Давид Гогьиа иоуп ҳәа. Афермаҿ аус руан 1900 маининг-аппарат, иқәгылан атрансформаторқәа ԥшьба.

Аҳәынҭқарра ахада адҵа ҟаиҵеит хымш рыҩныҵҟала ахархәагақәа ықәыргарц.

Убри аан иҟоуп азинхьчаратә усбарҭақәа ринформациа – аферма зтәу ҽаџьоукуп ҳәа. Аслан Бжьаниа иҳәеит аферма иадҳәало ауаа рхаҭарақәа шьақәыргылазарц.

"Урҭ рыбжьара амаҵзурауаа ыҟазар, асиақәа азшәырхиа. Ариаҟара аҳақәа ироуа ақәыӷәӷәара иахҟьаны акомпиутертә томограф аус ауам, ахьҭа иакуеит ахәыҷқәа, абыргцәа. Аус руам алифтқәа. Асеиԥш закәаншьаҭада ари аус ԥеиԥш амам", - иҳәеит Бжьаниа.

Ахада ицын ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Руслан Ажьиба, Рашь Ҵәыџьба, Аԥсны АШәМ ахаҭарнакцәа, Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0