Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Ахра Аҩӡба доунамышьҭит

© Sputnik / Сария КварацхелияЗдание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019
Здание Верховного суда Абхазии, 19 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа аилатәара мҩаԥысит хәажәкыра 15 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба мызкы ҳәа ирбаандаҩразы аӡбамҭа ахьаднакылаз азы идукат Инга Габилаиаԥҳа иҟалҵаз ахашшаара инамаданы.

АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Ахра Аҩӡба дшаанкылац даанкылазааит ҳәа иаӡбеит хәажәкыра 15 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы.

Аӡбарҭатә еилатәара ахантәаҩыс дыҟан аӡбаҩ Мимоза Цәышԥҳа.

Адукат Инга Габилаиаԥҳа иазылԥхьаӡеит Ахра Аҩӡба иаанкылараан азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ареспублика ашьауӷа-процессуалтә закәанеидкыла еиларгеит ҳәа. Ахьчаҩ иазгәалҭеит Ахра Аҩӡба ихы дақәиҭны дҟалар, аусҭҵаара дызлаԥырхагахо ҳәа амзызқәа шазцәырнамгаз. Убри инамаданы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиахь азыҳәа налышьҭит  ихақәиҭра далхәдамкәа дыҟазаарц азы иаанкылашьа рыԥсахырц.

Габилаиаԥҳа илҳәеит Ахра Аҩӡба данааныркыла ашьҭахь 46 сааҭ Аԥсны АШәМ аҟны дҭакын, убри аан иаанкыларазы аԥкаанҵа харҭәаамызт ҳәа.

© Sputnik / Бадрак Авидзба Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Ахра Аҩӡба доунамышьҭит
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Ахра Аҩӡба доунамышьҭит - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Ахра Аҩӡба доунамышьҭит

Инга Габилаиаԥҳа аӡбаҩцәа азхьалырԥшит аусҭҵаара аматериалқәа рҿы ишарбоу ҭыӡҭыԥк, аԥшаарақәа даҽа ҭыӡҭыԥк аҿы ишымҩаԥгаз, азинхьчаҩцәа уи аҩыза азин шрымамыз.

Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2021
Аԥсны АШәМ: Аҩӡба дзыхьчоз иҩызцәеи аҳәынҭқарратә мчра аиҭакра аҽазышәара рыгәҭакын

Инга Габилаиаԥҳа илҳәеит иара дбаандаҩызарц аӡбамҭа анрыдыркылоз аамҭазы иҩызцәа рганахьалагьы абри аҩыза аӡбамҭа шрыдыркылахьаз, убри азы иара ихы дақәиҭзар, егьырҭ иҩызцәеи иареи рхымҩаԥгашьа еиҿдырԥшуан ҳәа иҳәоу ҵаҵӷәы амам ҳәа. Убри аан лара иазгәалҭеит Ахра Аҩӡба ихала Аԥсны АШәМ ахыбрахь дышнеиз, аӡбаҩцәа дыбналар илшоит ҳәа ирҳәогьы шьаҭаданы ишыҟоу.

Адукат Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиахь аҳәара ҟалҵеит ихы дақәиҭтәны аҩнтәи абаандаҩра даҵадыркырц.

Ахра Аҩӡба ажәа анирҭа, иҳәеит данааныркыла ашьҭахь 46 сааҭ дызханкылоу ҳәа акгьы шиарымҳәаз.

Апрокуратура хада ахаҭарнак Инар Ҭаркьыл ахашшааратә шшыԥхьыӡ ақәшаҳаҭхара мап ацәикит. Иара иҳәеит Ахра Аҩӡба абџьари аџьаԥҳани ҵәахны иман ҳәа ахара шихараҵоу, уи цәгьоура бааԥсны ишшьоу.

Ахра Аҩӡба аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа аҩнтәы рбаандаҩра даҵанаркыр, абналара игәы ишҭам азы.

Убри аан иргәалаиршәеит Аԥсны АШәМ ахь ихатәгәаԥхарала дышнеиз.

Адукат Инга Габилаиаԥҳа илҳәеит Ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь дшазашшуа.

Митинг у здания МВД - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Ахра Аҩӡба дзыхьчоз рганахьала аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит

Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа.

Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз иҩызцәа хәҩыки рганахьала ашьаус хацыркуп уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит. Владимир Шьербаков, административтә зинеилагара мҩаԥигеит ҳәа даанкылоуп хәажәкыра 9-нӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0