Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа мшаԥымза аҽеиҩшамҭазы зҵаарақәак рзы атәылауаа аднакылом

© Sputnik / Томас ТхайцукПосольство России в Абхазии
Посольство России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша алаҳәара ҟанаҵоит иалкаау зҵаарақәак рзы аамҭала атәылауаа рыдкылара шааннакыло азы.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. АҬАР, авизақәа рыҭара, атәанчахәытә ршаҳаҭгақәа рыҭара, анотариати адокументқәа рлегалтәреи рызҵаарақәа рзы атәылауаа рыдкылара аанкылахоит мшаԥы 15-26 рзы ҳәа Ацҳаражәҳәарҭа адырра ҟанаҵоит Twitter-аккаунт аҿы.

​Уаанӡа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иакьыԥхьит мшаԥы 1 азтәи аусуратә график. Аграфик аҿы иҳәан Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша алегалтәра, АҬАР, анотариат, авизақәа роура, аусӡбара ахымсраз аршаҳаҭга аиуразы адкылара шымҩаԥнаго ашәахьа инаркны ахәашанӡа асааҭ 9:00 - 12:45 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0