Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада иаиааит

© Sputnik / Томас ТхайцукМатч за Суперкубок Абхазии по футболу
Матч за Суперкубок Абхазии по футболу - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Анапаҵаҩра
"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада аиуразы реицыхәмарра мҩаԥысит мшаԥы 10 рзы, астадион "Динамо" аҿы.

Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа аиуразы ахәмарра алахәылацәа алыркааит абасала: "Нарҭ" Аԥсны ашьапылампыл азы 27-тәи ачемпионат аҿы иреиӷьу команданы иршьахьан азы, "Гагра" - атәыла Ахраҿа аиухьан азы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Раԥхьатәи ахәмарра

Аԥсны Ахраҿа хадазы ахәмарра амш аҽны ихьҭан, ақәа леиуан, аха уи иахьмырԥшкәа ашьапылампылтә сезон хацзыркыз ахәмарра ахәаԥшразы астадион "Динамо" ахь имаҷҩымкәа ауаа неит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахраҿа хада
Аҟәатәи Нарҭ ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада иаиааит - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Аԥсны Ахраҿа хада

Ахәмарра алагаанӡа ашьапылампыласцәеи ахәаԥшцәеи ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаршьеит Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбази Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы Ҭарашь Ҳагбеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәмарра алагаанӡа ашьапылампыласцәеи ахәаԥшцәеи ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаршьеит Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбази, Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы Ҭарашь Ҳагбеи.
Аҟәатәи Нарҭ ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада иаиааит - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Ахәмарра алагаанӡа ашьапылампыласцәеи ахәаԥшцәеи ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаршьеит Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбази, Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы Ҭарашь Ҳагбеи.

"Бзиала шәаабеит, ашьапылампыласцәа, ари аспорт хкы абзиабаҩцәа, Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахьӡала ишәыдысныҳәалоит ашьапылампылтә сезон ахацыркра. Сгәыӷуеит, иԥшӡаны, ааха ҳмоукәа ахәмаррақәа мҩаԥаагоит ҳәа", - иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.

Азеиӷьашьарақәа рнаҩс ахәмарра хацыркын, "Нарҭ" ашьапылампыласцәа иаразнак ахәмарра рнапахьы иааргеит, еиҳа ампыл хылаԥшра азнауа иалагеит. Аҳҭнықалақь ахәмарҩцәа ҩынтә-хынтә рҽазыршәеит ампыл амба аҭаршәразы, раԥхьа уи илшеит 14-тәи аномер Алан Кәыҵниа, ахәмарра алҵшәа 1:0.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хадазы еиндаҭлон
Аҟәатәи Нарҭ ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада иаиааит - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хадазы еиндаҭлон

Арҭ арбагақәа рҟны "Нарҭаа" аангылозма, еиҳа рыҽдырӷәӷәеит, гагратәи акоманда рымба лассы-лассы иажәлон. Аха Илиа Шьерба - гаграа рымбахьчаҩ - игәы иҽанын. 

Гагратәи акоманда рымчқәеи рыгәҽанызаареи рзымхеит, "Нарҭ" ахәмарҩы 19-тәи аномер Нугзар Ханагәуа, иара анаӡарантәи илшеит ампыл амба аҭаршәра, уи алагьы 2:0 ҳәа актәи атаим хыркәшахеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хадазы еиндаҭлон
Аҟәатәи Нарҭ ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада иаиааит - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хадазы еиндаҭлон

Ампыл аҭаршәра рацәа

Аҩбатәи атаим аҿы "Гагра" аҵахара агәы иҭамызт, ашьапылампыласцәа ирлас-ырлас амбахь ажәыларақәа мҩаԥыргон, ампыл аҭаршәра акырынтә рҽазыршәеит. Гагратәи акоманда еиқәырццакны ажәыларақәа мҩаԥыргеит, аха аҟәатәи амбахьчаҩ Инал Қацәба мпылкгьы еиҩымшәеит, агәҽанызаара ду рыманы ихәмаруан "Нарҭаа".

© Sputnik / Томас Тхайцук"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хадазы еиндаҭлон
Аҟәатәи Нарҭ ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада иаиааит - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хадазы еиндаҭлон

Анаҩсан, ампыл рнапахь иааргеит аҟәатәи ахәмырҩцәа, Ҭемыр Агрба ампыл ҭаиршәит - 3:0, минуҭқәак рышьҭахь актәи ампыл ҭазыршәыз Алан Кәыҵниа аԥшьбатәи ампыл ҭаиршәуеит. Ахәмарра ахыркәшара уамак шагмыз ахәмарра аҽырҭынчит, аха ус Ҭемыр Агрба еиҭа даҽа мпылк ҭаиршәит.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хадазы еиндаҭлон
Аҟәатәи Нарҭ ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада иаиааит - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
"Нарҭи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хадазы еиндаҭлон

Егьа ус акәзаргьы, "Гагра" иалшеит мпылк амба аҭаршәра, уи 11-тәи аномер Денис Павлов иоуп. Афиналтә шәыршәырбжьы гаанӡа Алан Кәыҵниа ари ахәмарра аҿы ахԥатәи импыл ҭаиршәит, "Нарҭаа" рзы иара афбатәиин.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада анашьахеит
Аҟәатәи Нарҭ ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада иаиааит - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада анашьахеит

Ахәмарра хыркәшан 6:1 ҳәа аҟәатәи "Нарҭ" риааирала. Аматч иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа далкаан "Нарҭ" ашьапылампыласҩы Алан Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0