Урыстәылеи Аԥсни риустициа аминистррақәа есышықәса аусеицура аплан еиҿыркаалоит

© Foto / Кабинет министров Абхазии Анри Барциц на встрече с Александром Анкваб
Анри Барциц на встрече с Александром Анкваб - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц 2021шықәсазтәи апланқәа дрылацәажәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан.

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Аҩ-тәылак руистициатә усбарҭақәа ирыгәҭакуп есышықәса аусеицуреи ауснагӡатәқәеи рыплан аус адулареи анапаҵаҩреи. Абри атәы Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц аиҳабыра рхада Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц еиҭеиҳәеит Урыстәыла аиустициа аминистр Константин Чуиченкои иареи реиԥылара шымҩаԥысыз.

 Встреча Министра юстиции Республики Абхазия Анри Барциц  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2021
Урыстәылеи Аԥсни риустициа аминистррақәа реинырра азҵаара иалацәажәеит

Аусбарҭа ахада иара убасгьы далацәажәеит, аелектронтә технологиақәа Аԥсны аӡбранагӡаҩцәа русурахь алагалара атәы ишазааҭгылаз. Хаҭала – Урыстәыла иҟоу анагӡаратә електронтә база аналог ала Аԥсынгьы аиҿкаара.

Аминистр ишиҳәо ала, аиԥылараҿ иара убасгьы оперативла аусдҵақәа рынагӡаразы аусутә гәыԥ аԥҵазарц рыӡбеит.

Аминистр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит ииасыз ашықәс азы ахаланаплакыҩцәа рыршаҳаҭгақәа 23980, аиурист хаҿқәа рыршаҳаҭгақәа 7000 ишреиҳау.

Анқәаб аминистр инапы ианиҵеит 2021 шықәсазы атәылауаа адокументқәа аус рыдулара рзымариахарц азы анорматив-зинтә база азырхиазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0