Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара иалацәажәан Москва

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский аэропорт
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла мшаԥы 20 рзы Москваҟа дцеит. Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп.

АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла аҳаиртә транспорт Афедералтә маҵзура анапхгаҩы Александр Нерадькои реиԥылара мҩаԥысит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

© Foto / пресс- служба Президента РА Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара иалацәажәан Москва
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара иалацәажәан Москва - Sputnik Аҧсны
1/2
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара иалацәажәан Москва
© Foto / пресс- служба Президента РА Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара иалацәажәан Москва
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара иалацәажәан Москва - Sputnik Аҧсны
2/2
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара иалацәажәан Москва
1/2
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара иалацәажәан Москва
2/2
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара иалацәажәан Москва

Аиԥылараҟны Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара иалацәажәан. Ҷыдала иазааҭгылан аҳаирбаӷәаза аинфраструктура аобиектқәа рреконструкциаз апроекттә усурақәа рызҵаара.

Начался рабочий визит Президента Республики Абхазия Аслана Бжания в Российскую Федерацию - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Аԥсны ахадеи "Росгосстрах" аусбарҭа анапхгаҩи аусеицуразы еилацәажәеит

Иахьазы иаԥҵоуп Урыстәылеи Аԥсни рҟазауаа злахәу аусутә гәыԥ, аобиект аздырхиоит апроекттә усурақәа рымҩаԥгара, иаздырхиоит аусуразы ихымԥадатәиу амыругақәа рексперттә хәшьара. Уи адагьы азырхиара иаҿуп Аԥсны аҳаиртә закәанԥҵара аусхк аҟны ихымԥадатәиу адокументқәа.

Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит аграждантә авиациа аусхк аҟны еицыфеидоу аусеицура арӷәӷәареи арҿиареи шырҭаху.

Уаанӡа Аԥсны ахада аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 2024 шықәса иахымгакәа ишаартхо азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0