Аквотақәа рыла урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалоз рзы алкааратә ԥышәарақәа хыркәшоуп

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВозобновление очного обучения в вузах
Возобновление очного обучения в вузах - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра хара имгакәа иакьыԥхьраны иҟоуп алкаара актәи аетап иахысыз акандидатцәа рсиа.

АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Аквотақәа рыла урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалоз рзы алкааратә ԥышәарақәа хыркәшоуп, абас аҩуеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра Telegram-канал.

Ауснагӡатә иалахәын Белоруссиа, Украина, Азербаиџьан, Молдова, Ермантәыла, Ҟазахстан, Киргизиа, Туркменистан, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла уҳәа атәылақәа рҟынтәи акандидатцәа.

Атест мҩаԥган адистанциатә формала МФТИи Урыстәыла аиҳабыра рҿы иаԥҵоу Афинанстә университети рыплатформаҿы.

Абитуриентцәа аԥышәара рҭиуан аматематика, афизика, аимиа, абиологиа, аурыс бызшәа, аҭоурых, азеиԥш уаажәларрадырра рзы.

Аԥснытәи абитуриентцәа еиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа иреиуоуп: амедицина, аекономика, азиндырра, архитектура, аргылара.

Аквотақәа рҳәаа иҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп аспирантура, амагистратура, абакалавриат рҿы аҵараҵара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0