Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа "Аиааира адиктант" рҩит

© Foto / пресс - служба ЮВО Диктант "Победы"
Диктант Победы - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Анапаҵаҩра
Адунеи зегь аҟны миллионҩык инарзынаԥшуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду азы рдыррақәа аадырԥшит 2021 шықәсазы.

АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауаа рхы аладырхәит жәларбжьаратәи арккаратә акциа "Аиааира адиктант". Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

В Сухуме прошел первый международный Диктант Победы - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2021
"Аиааира адиктант" 80 тәыла рҿы имҩаԥгахоит

Адиктант 25-25 зҵаара аман, ҩ-вариантк рыла ишьақәгылан. Аҭакҟаҵара иазоушьҭын 45 минуҭ.

Зынӡа акциа иалахәын зықьҩык рҟынӡа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауааи, урҭ рҭаацәареи, аграждантә ҟазауааи, иара убасгьы урыстәылазегьтәи ахәыҷы-қәыԥштә арра-патриоттә уаажәларратә еиҿкаара "Юнармия" рҟынтәи аҿари.

Акциа мҩаԥган иазырхиаз аудиториақәа рҿи апалигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿи.

Ауснагӡатә иахықәкы хаданы иҟоуп аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара, аҭоурых адырра аизырҳара, Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭҵаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0