Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба дшыбаандаҩыц дааннажьит

© Sputnik / Асмат Цвижба Суд по делу Ахры авидзба
Суд по делу Ахры авидзба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Анапаҵаҩра
Ахра Аҩӡбеи дзыхьчоз ԥшьҩыки ахара рыдҵоуп абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥигоз азы.

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Ахра Аҩӡба иҭагылазаашьа ԥсахымкәа иааныжьуп. Гәылрыԥшьтәи аӡбарҭа аӡбаҩ Игор Агәмаа Ахра Аҩӡба идукат лзыҳәа – иаанкыларатә ҟазшьа аԥсахразы, аҽакала имԥсахкәа иаанижьит.

Аԥсуа тәылауаҩра амазаара, хәҩык ахшара рабра, аҟазшьарбага ҵоура, уаанӡа иус ахьырмыӡбац ҵаҵӷәыс иҟам ауаҩы ихарадҵара арԥсыҽразы.

"Иарбоу аӡбра адкылараан аӡбаҩцәа алацәажәомызт Ахра Аҩӡба ахара ихароу ихараму, иара убасгьы аӡбратә еилыргара иаҵанакуа егьырҭ азҵаарақәа", - иҳәеит аӡбаҩ.

Суд по делу Ахры Авидзба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Урыстәылатәи адукат Ахра Аҩӡба изинқәа ихьчалоит

Ахра Аҩӡба ихьчаҩ Инга Габилаиаԥҳа азыҳәа ҟалҵеит ззинқәа лыхьчо Ахра Аҩӡба аҩнытә рбаандаҩра даҵадыркырц, избанзар Ахра Аҩӡба иаанкылара ҵаҵӷәы амам, уи адагьы иара ашьақарчымазара имоуп.

Зус рыӡбоз Аҩӡба иумҭаҿы Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 217 аҟны иарбоу ацәгьоура аҵанакуам ҳәа шиҳәогьы уи ус шакәым азы аусеилыргара мҩаԥганы ишьақәырӷәӷәатәуп ҳәа иҳәеит Агәмаа аӡбамҭа рылаҳәо.

Ахра Аҩӡба иус Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭахь инашьҭуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа адҵала, избанзар Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азинмчқәа рыҿҳәара ииасит.

Ахра Аҩӡбеи иара идгылаҩцәеи ахара рыдҵоуп абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥигоз азы. Абри аумҭазы дара ирықәҵахар ҟалоит ҩышықәса инаркны фышықәсанӡа ҭакрыла ахыгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0