Аԥсны ахада атуристтә форум аҿы дықәгылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие туристического форума "Абхазия страна души"
Открытие туристического форума Абхазия страна души - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит афорум аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи, иазгәеиҭеит ареспублика аекономикатә ҿиаразы атуризм аԥыжәара змоу хырхарҭаны ишыҟоу.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа актәи атуристтә форум "Аԥсны-Аԥсынтәыла" аартраҟны дықәгылеит.

"Агәра згоит афорум аҿы актуалтә зҵаарақәа ишрылацәажәахо. Иус хаданы исыԥхьаӡоит Аԥсны ирырҭо амаҵзурақәа рхаҭабзиара аҳаракрази анаплакытә аԥшьгамҭақәа рыҿиарази акомплекстә уснагӡатәқәа аус рыдулалатәуп", - иҳәоит ахада.

Иара иазгәеиҭеит асасцәа ршәарҭадара аҵак ду аманы ишыҟоу. Бжьаниа иажәақәа рыла Аԥсны ААРи амаҵзура ҷыдақәеи иахәҭаны иҟоу зегь шыҟарҵало абри аганахь ала.

Аслан Бжьаниа иҳәеит ҵыԥх акоронавирустә пандемиа иахҟьаны атуристтә сезон шыркьаҿыз, уи аекономикатә рбагақәа ишырныԥшыз.

Ахада иҳәеит 2024 шықәсазы ишалшо аҳаиртә баӷәаза актәи аҳаирплантә реисқәа рыдкылара алагара.

Открытие туристического форума Абхазия страна души - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Актәи атуристтә форум "Аԥсны-Аԥсынтәыла" Аҟәа иаатит

Уи адагьы иҳәоит Аԥсны анапхгара азхьаԥшра ду шарҭо атуристтә сектор ахь аинвистициақәа радыԥхьаларазы аҭагылазаашьа маншәалақәа.

"Абизнес азы амҩақәа аартуп. Иҟоуп иҵоуроу аԥышәа. Сгәы иаанагоит анагӡаратәии азакәанԥҵаратәии мчрақәа анаплакыҩцәа рыхьчара еиҿыркаап ҳәа" - иҳәоит Аслан Бжьаниа.

Атуристтә форум апрограмма хада мҩаԥысуеит лаҵара 13, 14 рзы Аҟәа.

Афорум аҿы излацәажәараны иҟоу атемақәа иреиуоуп: "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аԥхынтә туристтә сезон аконцепциа– ахаҭабзиара, ашәарҭадара, атехнологиа ҿыцқәа, аалыҵ ҿыцқәа", "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы атуристцәа рыԥгаԥса азҵаара", "Актуалтә зҵаарақәа атуризми асасдкылара аиндустриеи русхк аҟны", "Ҳаамҭазтәи аинвестициатә проектқәеи атуриндустриа аусхк аҟны иреиӷьу аԥышәақәеи", "Аԥсны аԥхынтә лагерқәа раԥҵара ".

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны - актәи атуристтә форум "Аԥсны-Аԥсынтәыла" аинформациатә партниорны иазыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0