Гәдиса Агрба аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" анапхгаҩыс далхуп

© SputnikПрограмма реформ "Будущее Абхазии" была разработана финалистами конкурса "Гордость Абхазии"
Программа реформ Будущее Абхазии была разработана финалистами конкурса Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Анапаҵаҩра
Ареформақәа рпрограмма "Аԥсны аԥеиԥш" аус адырулеит аицлабра "Аԥсны агәадура" афиналистцәа Урыстәыла афинансқәа рминистрра аҭҵаарадырратә финанстә институт адгыларала.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Аԥсны аԥхьагылаҩцәа ҿарацәа рыӡбарала Аԥсны акультура аминистр, агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩ Гәдиса Агрба аплатформа "Аԥсны аԥеиԥш" анапхгаҩыс далхуп ҳәа аанацҳауеит аплатформа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

"Асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" аусура хацыркхоит рашәара 1 азы астадион "Динамо" аҿы, Аҟәа. Гәдиса Агрба аизара ду аҿы апрограмматә ҳәамҭа ҟаиҵоит. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны UFC ачемпион Хабиб Нурмагомедов аҟазаратә-класс мҩаԥигоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ареформақәа рпрограмма "Аԥсны аԥеиԥш" аус адырулеит аицлабра "Аԥсны агәадура" афиналистцәа Урыстәыла афинансқәа рминистрра аҭҵаарадырратә финанстә институт адгыларала.

П/к бойца ММА Х. Нурмагомедова - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Хабиб Нурмагомедов ахәыҷқәа рыхьчара Амш азы Аҟәа аҟазаратә-класс мҩаԥигоит

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аус рыдулоуп Аԥсны асоциал-економикатәи ауаажәларратәи ҿиара алзыршо, атәылаҿ асоциал-политикатә ҭагылазаашьа ҭышәынзыртәало ауснагӡатәқәа ркомплекс Апрограмма азырхоуп адунеи азы Аԥсны аартра, уи азы аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа атехнологиақәа раԥҵара ацхыраара.

Апрограмма ахырхарҭақәа ируакуп анагӡаратә мчра рнапхгаҩцәа, араионқәа рхадацәа иаартны аҳасабырбақәа рырҟаҵара. Ареформақәа рыпрограмма иазԥхьагәанаҭоит аҳәынҭмаҵзурақәа рыҭаразы иаку ахырхарҭарацәатә центр аԥҵара.

Конкурс молодых лидеров Гордость Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2021
Аицлабра ҿыц "Аԥсны агәадура" мҩаԥгахоит 2021 шықәсазы

Уи адагьы ареформа апрограмма иаднагалоит "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿар рполитиказы" азакәан иалагалазарц есышықәса аԥхьагылацәа ҿарацәа реиндаҭлара "Аԥсны агәадура" амҩаԥгара, уи аҿы аиааира згаз аҳәынҭқарратә маҵзурахьы радԥхьалара.

Ареформақәа рыпрограмма иалагалоуп ареспубликаҿы IT-парк аԥҵаразы апункт. Апарк иаусдҵақәоу иреиуоуп иҷыдоу арҵаратә программақәа рымҩаԥгара, анапхгараҭаратә школ апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны анаплакыҩцәа, анапхгаҩцәа разыҟаҵаразы акурсқәа раԥҵара, жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Ракадемиеи Сколково абизнес-школ апрофессорцәеи рлекциақәа рымҩаԥгара. Иара убасгьы иазԥхьагәаҭоуп аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа рзы аҵаратә программақәа раԥҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0