Аԥсны Апарламент аҟны ишьақәдырӷәӷәеит араионтә ӡбарҭақәа аӡбаҩцәа

© Sputnik / Асмат Цвижба Парламент Абхазии утвердил судей районных судов
Парламент Абхазии утвердил судей районных судов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Анапаҵаҩра
Аӡбаҩцәа Аԥсны Апарламент аҿы бжьеиҳала иалырхуеит атәыла ахада инашьҭымҭала.

АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Аԥсны Апарламент аҟны ишьақәдырӷәӷәеит Тҟәарчал, Гал, Гагра, Аҟәа, Гәдоуҭа араионқәа рыӡбаҩцәа.

Адепутатцәа рыӡбрала Тҟәарчал араион аӡбаҩыс иалхуп Викториа Ажьиԥҳаи Анатоли Ҳашбеи, Гал араион – Беслан Бжьаниа, Гагра араион –Роберт Димирчиан, Асида Аргәынԥҳа, Стелла Шванԥҳа, Аҟәа араион – Александр Степанов, Кристина Иазычԥҳа, Гәдоуҭа араион –Лиудмила Ҷанԥҳа.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа иазгәалҭеит атәыла ахадеи апарламенти рахь изныкымкәа аҳәара шыҟалҵахьаз аӡбаҩцәа ралхразы, избанзар азакәан инақәыршәаны дара ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа иалхтәуп. Уи иахҟьаны араионқәа хԥа рыҟны аӡбарҭақәа аус руамызт.

"Сгәыӷуеит ԥхьаҟа ари аҩыза аҭагылазаашьа аҭыԥ аиурым ҳәа. Асеиԥш Аԥсны аӡбарҭатә ҭоурых аҿы иҟмалацызт. Аконституциатә закәан аҿы иануп аҿҳәарақәа -90 мшы",- лҳәеит лара.

Адепутат Натали Смырԥҳа иазгәалҭеит азакәанқәа рықәымныҟәара Апрокуратура хада ахылаԥшра шахәҭоу.

Араионтә ӡбарҭақәа рахь аӡбаҩцәа 10-шықәса ҳәа ҿҳәарас ирыманы иалырхуеит Апарламент аҿы.

Аӡбаҩ аҽа маҵурак ахь ииагара ҟалом, изинмчрақәагьы раанкылара ма раԥыхра алшоит "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аӡбаҩ истатус" азакәан инақәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0