Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит агәаҭара-кассатә техника ахархәаразы азакәан

© Sputnik / Асмат Цвижба Заседание парламента
Заседание парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Анапаҵаҩра
Азакәан апроект амч аиуеит цәыббра 1 инаркны, асистема ахаҭа Аԥсны ишьақәдыргылароуп 2024 шықәсанӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала иаднакылеит "Аԥсны ахәшәарақәа раан агәаҭара-кассатә техника ахархәаразы" азакәан.

Ажәахә ҟазҵоз ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, адокумент инақәыршәаны аусбарҭа иаиуеит алшара Аԥсны имҩаԥысуа атранзакциақәа зегьы онлаинла рхылаԥшра. Уи ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчаразы ихәарҭоуп, иагьрыгнархоит ашәахтә гәаҭарақәа рхыԥхьаӡара. 

Нанба иазгәеиҭеит азакәан ишазԥхьагәанаҭо акоммерциатә банкқәа рҟны амашьынақәа рышьақәыргылара, уи иабзоураны абиуџьет аԥара алазгало ауаа рыблала ирбоит рԥара абиуџьет ахь ицоу имцоу.

Аԥсны афинансқәа рхылаԥшразы аформа ҿыц аԥҵоуп

Аусбарҭа аиҳабы иара убас иазгәеиҭеит азакәан апроект амч шаиуа цәыббра 1 инаркны, асистема ахаҭа Аԥсны ишьақәдыргылароуп 2024 шықәсанӡа.

Аминистр иажәақәа рыла, ари асистема 95 процент аԥара алсны ицалоит, убри аан агәаҭара-кассатә машьынақәа инахараны иҟоу араионқәа рҿы ирзышьақәыргылаӡом аимадара ахьбзиам азы.

Адепутатцәа иазҵааит афымцалашара арцәарақәа арҭ амашьынақәа русура иаԥырхагахо иаԥырхагамхо атәы. Нанба ишиҳәаз ала, автономла аусура зылшо амодельқәа аахәазар зегьы иреиӷьхон.

Адепутат Натали Смырԥҳа ари азакәан апроект дадгылеит, иагьазгәалҭеит урҭ амашьынақәа иахьатәи аамҭазы иҟоу аикәшара ахылаԥшра алдыршоит, ашәахтәԥҵара асистемагьы армариоит ҳәа.

Апроект аԥара азоузыжьуа ахыҵхырҭа макьана еилкаам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0