Скорик еиҭалҳәеит алаҵа "Спутник Лайт" хәарҭарас иалоуи ҷыдарақәас иамоуи ртәы

© Foto / Пресс-служба НИИ эпидемиологии и микробиологии им. Н.Ф. Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Спутник Лайт" вакцина от COVID-19
Спутник Лайт вакцина от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2021
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23554-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 19117-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 342-а.
АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик арадио Sputnik аҟны илҳәеит алаҵа "Спутник Лайт" хәарҭарас иалоуи ҷыдарақәас иамоуи ртәы.
Алиса Матуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Арадио
Матуаԥҳа еиҭалҳәеит алаҵа "Спутник Лайт" ззырхоу, изнымаало
"Сара даара сеигәырӷьоит, ҳреспублика еҭарагь алаҵа ахьаиуз. Уажәтәи алаҵа "Спутник Лайт" иаҳа алаҵшәа бзиоуп, згәабзиара уашәшәыроугьы  ирыларҵар ҟалоит. Алаҵа ҟазҵаз хымз рышьҭахь ашьаҟны ацәеижь ахьынӡаҳараку гәеиҭароуп. Ус акәымкәан илаҟәызар усҟан алаҵа еиҭаҟаҵатәуп ҳәа азгәалҭеит аҳақьым.
Ҩ-хәҭак алаҵа "Спутник V" ҟазҵаз урҭ 42 мшы рышьҭахь шықәсык - шықәсыки бжаки ихьчоуп. Убри аан Скорик илҳәеит алаҵа шаҟа ирацәаҩны иҟарҵо ааҟара ҳажәлар хьчахоит ҳәа.
"Спутник V" амедицинатә ԥырхагақәак амазҭгьы "Спутник Лайт" зынӡа иамаӡам", - лҳәеит Аԥсны аҳақьым хада.
Аԥсны ачымазара зынӡа ицарц азын 70% ауааԥсыра алаҵа ҟарҵароуп. Убри аҟнытә Аԥсны аиҳабыреи агәабзиарахьчара аминистрреи 6500 лаҵа аҽҭагӡара ргәы иҭаӡамызт. Хымԥада алаҵа хәҭа-хәҭала  иҳаулоит, ари иҵыхәтәантәиӡам убри аҟнытә араионқәа зегь рыҟны алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥқәа русура иацырҵоит", - лҳәеит Лиудмила Скорик. 
Ахаан акоронавирус сыхьӡом ҳәа зхы зыԥхьаӡо ауаа, аԥхьашьеи аҩышьеи ззымдыруа роуп ҳәа рзылҳәеит.
Вакцинация военнослужащих Южного военного округа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа амедусзуҩцәа реиҳараҩык алаҵа ҟарҵеит
Иахьазын Аԥсны аҿкчымазара иахьабалак иҟоуп, уи моу ауаҩы иахьеиҿахырсҭамыз Ԥсҳәгьы изахьыз ыҟоуп. Убри аҟнытә алаҵа зегьы иҟарҵароуп. Макьана ачымазара аанкылахартә еиԥш  алҵшәа ыҟаӡам алаҵа шыҟарҵогьы. Аԥсны ауааԥсыра 70% алаҵа ҟарҵар убысҟан ауп аҿкы ҳанаиааиуа.
Алаҵа ашьҭахь ичмазҩхаз зегьы, аҽкы иаҳа имарианы ирхыргоит изакәызаалак ицәгьоу ҳәа акагьы ахылымҿиаакәан", - ҳәа азгәалҭеит лара.
"Спутник Лайт" хә-нызқь лаҵа Аԥсныҟа иааган нанҳәа 6 азы, нанҳәа 10 инаркны Аԥсны ауааԥсыра  алаҵа аиҭарзыҟаҵара иалагеит. Уаанӡа "Спутник V" алаҵа рзыҟарҵахьан 6500-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0