Бжьаниа Алада Новгород аиубилеи рыдиныҳәалеит агубернатори ақалакь ауааԥсыреи

© Sputnik / Роман Владимиров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Нижний Новгород
Города России. Нижний Новгород - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2021
Анапаҵаҩра
Аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа иҽрылаирхәырц Алада Новгород даҭааит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
АҞӘА, нанҳәа 22– Sputnik. Аҳәынҭқарра хада Аслан Бжьаниа аԥсны жәлари хаҭала иара ихьӡалеи, ақалақь Алада Новгород аԥҵоуижьҭеи 800-шықәса аҵра идиныҳәалеит агубернатор Глеб Никитин. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
 Аслан Бжьаниа инаишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз аԥсуа делегациа хадара азызуа Аԥсны ахада иусбарҭа ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа.
"1221 шықәса раԥхьа иаԥҵаз Алада Новгород ақалақь иахьа Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау ақалақь дуқәа ируакуп. Қәҿиарала еизҳауеит атуризм, ааглыхратә еизакы, аинформациатә технологиақәа. Зҭоурых беиоу ақалақь иааузымдырратә аҽаԥсахит акультуратә баҟақәеи, аҭоурыхтә ҭыԥҷыдақәеи еиқәырханы", - ҳәа аҳәоит хәҭакала  адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
© Foto / Пресс-служба Президента РА Аԥснытәи аделегациа Алада Новгород ақалақь 800-шықәса ахыҵра иазку аныҳәа аҟны
Делегация из Абхазии на праздновании 800-летия со дня основания Нижнего Новгорода - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аԥснытәи аделегациа Алада Новгород ақалақь 800-шықәса ахыҵра иазку аныҳәа аҟны
Иара убас Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аԥсни Алада Новгородтәи аобласти қәҿиарала аус шеицыруа  ахәаахәҭра- аекономикатә, аҭҵаара-техникатә, акультура, аҵарадырра уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рыҿгьы. Есышықәса Аԥсни Алада Новгородтәи аобласти рыбжьара атауареиқәыршара еизҳауеит.
Аԥсны ахада Алада Новгородтәи аобласт агубернатори ақалақь иаланхо ауааԥсыреи ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҭынчра, аизҳазыӷьара.
Алада Новгород шьаҭаркын 1221 шықәсазы аӡиасқәа Океи Волгеи ахьеилалоз, уи аҭыԥ  Стрелка ахьӡуп. Уаҟоуп ақалақь аныҳәа азгәаҭара иазкны аконцертгьы ахьымҩаԥгаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0