https://sputnik-abkhazia.info/20210908/Amshyneiat-flot-armazurauaa-Tarchalti-aobiekta-arzydara-iakhryzhit-1033168385.html
Амшынеиқәатә флот армаҵзурауаа Тҟәарчалтәи аобиектқәа арзҩыдара иахрыжьит
Амшынеиқәатә флот армаҵзурауаа Тҟәарчалтәи аобиектқәа арзҩыдара иахрыжьит
Sputnik Аҧсны
Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, асанитар- епидемиологиатә... 08.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-08T10:10+0300
2021-09-08T10:10+0300
2021-09-08T09:34+0300
акоронавирус адунеи аҿы
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/07/1033167004_484:0:2600:1196_1920x0_80_0_0_1d46b14ec2e232ea387d56fd2ff1114c.jpg
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа аҟазауааи Тҟәарчал амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәеи арзҩыдарақәа мҩаԥыргеит аџьармыкьа хадеи араионтә хәышәтәырҭеи рҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, асанитар- епидемиологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәраз ацхыраара аҟаҵаразы.10 автомашьынаки 30-ҩык аҟазауааи, астанциақәа АРС-14М, арԥхага машьынақәа ТМС-65У, автономтә хархәагақәа, адезактивациеи адезинфекциеи ртехника ДКВ-1К рыла еиҿкаау Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа реишьҭагыла Ҟрымтәи адгьылбжьахаҟынтәи Аԥсныҟа иааит. Аладатәи Арратә округ аррамаҵзурауааи Аԥсны аҟазауааи рыцырхырааны асоциалтә хыбрақәа аус рыдырулалоит.Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/07/1033167004_663:0:2565:1196_1920x0_80_0_0_a0ae9eaf3b143fdb5a3f80ae17ea35a8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
акоронавирус адунеи аҿы, аԥсны, ажәабжьқәа
акоронавирус адунеи аҿы, аԥсны, ажәабжьқәа
Амшынеиқәатә флот армаҵзурауаа Тҟәарчалтәи аобиектқәа арзҩыдара иахрыжьит
Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, асанитар- епидемиологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәраз ацхыраара аҟаҵаразы.
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа аҟазауааи Тҟәарчал амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәеи арзҩыдарақәа мҩаԥыргеит аџьармыкьа хадеи араионтә хәышәтәырҭеи рҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Уаанӡа арзҩыдарақәа мҩаԥган Гәдоуҭеи (120 000 метр ԥшьыркца), Гагреи (40 000 метр ԥшьыркца), Аҟәеи: ахәшәтәырҭақәа, арранаԥхьаратә ҭыԥқәа, Аԥсны атәылахьчара аминистрра архив, аџьармыкьа хадақәа уҳәа егьырҭ аргыларақәеи ахыбрақәеи рҿы.
Амшын еиқәа афлот Аладатәи арратә округ арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи ахьчара архәҭа Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, асанитар- епидемиологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәраз ацхыраара аҟаҵаразы.
10 автомашьынаки 30-ҩык аҟазауааи, астанциақәа АРС-14М, арԥхага машьынақәа ТМС-65У, автономтә хархәагақәа, адезактивациеи адезинфекциеи ртехника ДКВ-1К рыла еиҿкаау Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа реишьҭагыла Ҟрымтәи адгьылбжьахаҟынтәи Аԥсныҟа иааит. Аладатәи Арратә округ аррамаҵзурауааи Аԥсны аҟазауааи рыцырхырааны асоциалтә хыбрақәа аус рыдырулалоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: