Абҵара 30 рзы имҩаԥысуаз Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ирыдыркылеит аусеиҿкааратә мзар. Уи инақәыршәаны, 2019 шықәса рзы Аԥсны 246 усуратә мши 119 ԥсшьара мши ҟалоит.
Аус зуа ауаҩы, иқәра анааилак, тәанчара дцароуп. Аха иахьатәи ҳаамҭазы, ажәлар рҟны лафны ишырҳәо еиԥш, аӡәырҩы "ршьапқәа рыла ԥхьаҟа идәыларгаанӡа" рхала арзаҳал ҩны ицо дмаҷҩуп. Уи аҭагылазаашьа раԥхьа иргыланы атәанчаҩы изеицәоуп.
Апоет, акинодраматург, апублицист Иури Лакербаи диижьҭеи 85 шықәса ҵит. Уи игәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәатәи 12-тәи аурыс школ аҟны.
Сариа Лакоба лгәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган РУСДРАМ аҿы, афотоцәыргақәҵагьы ацны. Ацәыргақәҵаҿы афотосахьақәа рыдагьы, иӡырган архивтә документқәа.