Аԥсшьареи аныҳәатә мшқәеи Аԥсны: 2021 шықәсазтәи амзар

Анапаҵаҩра
Аԥсны аминистрцәа реилазаара абҵара 25 рзы реилатәараҿы 2021 шықәсазтәи амзар шьақәнарӷәӷәеит. Уи инақәыршәаны 2021 шықәса рзы Аԥсны 119 ԥсшьарамши 246 усуратә мши ҟалоит.

Аныҳәамшқәеи аԥсшьарамшқәеи реиқәшәараан аԥсшьарамшқәа ииагахоит:

  • Ажьырныҳәа 2 (асабша) - ажьырныҳәа 4 (ашәахьа) ахь
  • Лаҵара 1 (асабша) - лаҵара 3 (ашәахьа) ахь
  • Лаҵара 9 (амҽыша) – лаҵара 10 (ашәахьа) ахь
  • Лаҵара 23 (амҽыша) – лаҵара 24 (ашәахьа) ахь
  • Нанҳәа 28 (асабша) - нанҳәа 30 (ашәахьа) ахь.

Аныҳәамшқәеи аусутә мшқәеи ирманшәаланы ахархәаразы аҩаша, ажьырныҳәа 5 ииагоуп асабша, ажьырныҳәа 16 рахь.

Амшаԥымш амҽыша, лаҵара 2 иахьақәшәо азы  аҩаша, лаҵара 4 усуратә мшымкәа ишьоуп.

Аныҳәатә ԥсарамшқәа рахь иара убас иаҵанакуеит – Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш ныҳәа март 8, Аиааира ДУ амш мшаԥы 9, Симон Кантәи имш ныҳәа – мшаԥы 23, Аԥсны азхаҵара амш – нанҳәа 26, Аиааира амш –цәыббра 30 амҽыша иахьақәшәо аҟнытә,  жьҭаара 1-ԥсшьарамшуп. Абҵара 26 – Аԥсны Аконституциа амш- убасгьы ԥсшьарамшуп.

Аныҳәатә, аха усуратә мшны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит: Амедицинатә усзуҩ имш, Аргылаҩцәа рымш, Асовет мчра ашьақәыргылара амш – хәажәкыра 4. Иара убас аныхәатә мшқәа рахь иаҵанакуеит – мшаԥы 14 Аԥсны аҳазалхратә усзуҩцәа рзаанаҭтә мшы, ԥхынгәы 23- Абираҟ амш, нанҳәа 15- Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рымш, жьҭаара 11 – Аԥсны Арбџьармчқәа рымш, жьҭаара 30- Аҭҵаарадырра амш.

Агәалашәаратә усуратә мшқәа ҳәа иазгәаҭоуп: Кавказ аибашьра иалаӡыз – мшаԥы 21, Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз – нанҳәа 14, Аполитикатә репрессиақәа раан иҭархаз ргәаладыршәоит – жьҭаара 30, Иԥшьоу Апостол Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ — ԥхынҷкәын 13, Лаҭа иҭахаз ргәалашәара амш — ԥхынҷкәын 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0