Очамчыра арааион аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит аушьҭымҭацәа рыбжьара аԥышәарақәа шцо, ахьтәы медалла ашкол иалго шаҟаҩы ыҟоу атәы.
Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны Ауадҳара аԥсшьарҭа иахылаԥшуа Асҭан Арсҭаа Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ԥсшьара инеиуа шрыдыркыло, иҟало аҿыҵрақәа ртәы.
Сҭампыл еиҿкаау аԥсуа бызшәа арҵаразы акурсқәа рырҵаҩы Дали Санӡааԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит бжьымз рыҩнуҵҟа абызшәа арҵара алҵшәақәа ртәы.