Адоллар ахә 79 мааҭ иахысит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКурс доллара и евро взлетел
Курс доллара и евро взлетел - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иазгәаҭатәуп, хәажәкыра 18 ашьыжь, асааҭ 10:08 рзы америкатәи адоллар акурс 76,26 мааҭ шьақәнартәо иҟалахьан.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. 2016 шықәса жәабранмза аахыс раԥхьаӡа акәны адоллар акурс 79 мааҭ иахысит, евро акурс – 85 мааҭ. Абри атәы аанацҳауеит Москватәи абиржа.

Хәажәкыра 18 рзы анефҭ Brent амарка иацәыӡит 1,4%, баррельк азы 28,32 доллар ршәоит.

УЕФА - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус иахҟьаны ашьапылампыл азы 2020 шықәсазтәи Европа ачемпионат ахыгоуп

Ашәахьаҽны аҭыԥ змаз анефт ахәԥса акаҳара ашьҭахь ашьҭыҵрахь ихынҳәит. Убас, Brent WTI амаркақәа иреиуоу анефт ахәԥса 5% ихалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Анефт ахә каҳауа иалагеит акоронавирустә пандемиа иахҟьаны афондтә биржақәа рҿы иаԥҵаз аҭагылазаашьазы. Ашәахьа, ЕАА Афедералтә резервтә системеи Иапониа абанк хадеи алаҳәара ҟарҵеит амонетартә политика рԥсыҽтәуп ҳәа адунеитә економика арецессиа ацәыхьчаразы. Ари иадгылеит Китаи, Великобританиа, Евроеидгыла атәылақәа рбанк хадақәа.

Аха убри аан ОПЕК+ атәылақәа аилацәажәара рзалмыршеит анефт аҵхразы аилаӡара аҭагылазаашьақәа рганахьала. Убри ауп анефт ахәԥса казыжьызгьы, амааҭ адоллар аганахьала изылаҟәызгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0