Урыстәыла аҽа хә-тәылак рахь аԥыррақәа хацнаркуеит

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСпоттинг в аэропорту Красноярска
Споттинг в аэропорту Красноярска  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Анапаҵаҩра
Апандемианахыстә аамҭала Урыстәыла аҽа 27 тәылахь аԥыррақәа еиҭахацнаркит. Уаанӡа ззин ҟаҵаз Великобританиеи Танзаниеи рахь уажәы иаанкылоуп.

АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Урыстәыла аҽа хә-тәылак рахь аԥырра иалагеит: Исландиа, Мальта, Мексика, Португалиа, Саудтәи Аравиа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иара убасгьы Урыстәыла ареисқәа ирыцнаҵоит Алада Кореиа, Финлиандиа, Иапониа рахь.

Уи адагьы аҳәаанырцәҟа аԥыррақәа ирылагоит жәларбжьаратә ҳаиртә баӷәазақәа: Омск, Сыктывкар, Челиабинск, Магнитогорск, Улан-Уде рҟынтә.

Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рыбжьара аҳаиртә еимадарақәа ԥкын 2020 шықәса хәажәкырамзазы акоронавирус иахырҟьаны. Ззин ыҟаз аидарамҩангагатә, аԥошьҭатә, асанитартә уҳәа ареисқәа ракәын. Нанҳәамза ашьҭахь маҷ-маҷ Урыстәыла уаанӡатәи арежим иазыхынҳәуа иалагеит.

Апандемианахыстә аамҭала Урыстәыла аҽа 27 тәылахь аԥыррақәа еиҭахацнаркит. Уаанӡа ззин ҟаҵаз Великобританиеи Танзаниеи рахь уажәы иаанкылоуп урҭ атәылақәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0