Мрада икаԥхо, мзада икаҷҷо: Аҟәа аҳҭнықалақь аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа раан

Анапаҵаҩра
Аушьҭымҭацәа рзеиԥшқалақьтә хәылԥазқәа ахьаԥырхыз азы Аԥсны аҳҭнықалақь ашколқәа урҭ хаз-хазы имҩаԥыргеит.

2021 шықәсазы аԥснытәи ашколқәа 153 ирылгеит 1975-ҩык аушьҭымҭацәа, урҭ рахьтә ааҩык хьтәы медалла ицоит, аӡәы - раӡныла. 

Ари аҵарышықәс аҵаҩцәа рзы имариамызт. Алагарҭатә школқәа мызқәак иаанкылаз рҵара еиҭахацыркын жәабран 15 рзы, аиҳабыратә классқәа мчыбжьык ашьҭахь иҭыҵит.

Убри азы 2021-тәи аҵарашықәс рашәарамза 25 рҟынӡа инахеит. Аушьҭратә ԥышәарақәа ԥхынгәы 1 азы инҵәеит.

Рашәарамза алагамҭазы Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа ақәҵара ҟаиҵеит ақалақьтә хәылԥазқәа раԥыхразы, убри аан алшара риҭеит ашколқәа рашҭақәа рҿы, асабрадақәа рҿаҵаны, асоциалтә дистанциа азгәаҭаны имҩаԥыргарц.

Аԥсуа школқәа роушьҭымҭацәа ари аҩыза алшара раҩрмыжьит. Дара зегьы мышкы-мышкы алхны рыхәылԥазқәа мҩаԥыргеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук2021 шықәсазы аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1975-ҩык аушьҭымҭацәа.
2021 шықәсазы аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1975-ҩык аушьҭымҭацәа. - Sputnik Аҧсны
1/26
2021 шықәсазы аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1975-ҩык аушьҭымҭацәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗынӡа Аԥсны иҟоуп 153 зеиԥшҵараиуратә школ.
Зынӡа Аԥсны иҟоуп 153 зеиԥшҵараиуратә школ. - Sputnik Аҧсны
2/26
Зынӡа Аԥсны иҟоуп 153 зеиԥшҵараиуратә школ.
© Sputnik / Томас ТхайцукАкоронавирус апандемиа иахҟьаны азеиԥшқалақьтә хәылԥазқәа рымҩаԥгара мап ацәкын, аха школцыԥхьаӡа мшык-мшык алхны аушьҭымҭацәа рныҳәақәа мҩаԥыргеит.
Акоронавирус апандемиа иахҟьаны азеиԥшқалақьтә хәылԥазқәа рымҩаԥгара мап ацәкын, аха школцыԥхьаӡа мшык-мшык алхны аушьҭымҭацәа рныҳәақәа мҩаԥыргеит. - Sputnik Аҧсны
3/26
Акоронавирус апандемиа иахҟьаны азеиԥшқалақьтә хәылԥазқәа рымҩаԥгара мап ацәкын, аха школцыԥхьаӡа мшык-мшык алхны аушьҭымҭацәа рныҳәақәа мҩаԥыргеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи ашколқәа роушьҭымҭацәа аҳҭынақалақь аԥшаҳәаҿы амаҭәа лыԥшаахқәа рышәҵаны инеиааиуан.
Аҟәатәи ашколқәа роушьҭымҭацәа аҳҭынақалақь аԥшаҳәаҿы амаҭәа лыԥшаахқәа рышәҵаны инеиааиуан. - Sputnik Аҧсны
4/26
Аҟәатәи ашколқәа роушьҭымҭацәа аҳҭынақалақь аԥшаҳәаҿы амаҭәа лыԥшаахқәа рышәҵаны инеиааиуан.
© Sputnik / Томас ТхайцукДарбанзаалак аушьҭымҭа ҽаӡәы диеиԥшымкәа ишәыз-ихаз ҷыдала иалиԥшааит.
Дарбанзаалак аушьҭымҭа ҽаӡәы диеиԥшымкәа ишәыз-ихаз ҷыдала иалиԥшааит. - Sputnik Аҧсны
5/26
Дарбанзаалак аушьҭымҭа ҽаӡәы диеиԥшымкәа ишәыз-ихаз ҷыдала иалиԥшааит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҭыԥҳацәа Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа рызхара рфотосахьақәа ҭырхит.
Аҭыԥҳацәа Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа рызхара рфотосахьақәа ҭырхит. - Sputnik Аҧсны
6/26
Аҭыԥҳацәа Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа рызхара рфотосахьақәа ҭырхит.
© Sputnik / Томас Тхайцук2021 шықәсазы ааҩык хьтәы медалла иалгоит, аӡәы - раӡныла. 
2021 шықәсазы ааҩык хьтәы медалла иалгоит, аӡәы - раӡныла.  - Sputnik Аҧсны
7/26
2021 шықәсазы ааҩык хьтәы медалла иалгоит, аӡәы - раӡныла. 
© Sputnik / Томас ТхайцукАфотосахьа бзиақәа ҭырхразы аушьҭымҭацәа аԥшаҳәаҿы еиҿкааз аҭыԥ ԥшӡарақәа зегьы еимырдеит.
Афотосахьа бзиақәа ҭырхразы аҭыԥҳацәа аԥшаҳәаҿы еиҿкааз аҭыԥ ԥшӡарақәа зегьы еимырдеит.  - Sputnik Аҧсны
8/26
Афотосахьа бзиақәа ҭырхразы аушьҭымҭацәа аԥшаҳәаҿы еиҿкааз аҭыԥ ԥшӡарақәа зегьы еимырдеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҭыԥҳацәа аӡә лаҵкыс аӡә деиӷьын.
Аҭыԥҳацәа аӡә лаҵкыс аӡә деиӷьын.  - Sputnik Аҧсны
9/26
Аҭыԥҳацәа аӡә лаҵкыс аӡә деиӷьын.
© Sputnik / Томас ТхайцукАрԥарцәа ракәзар, урҭ ирыҵахомызт.
Арԥарцәа ракәзар, урҭ ирыҵахомызт. - Sputnik Аҧсны
10/26
Арԥарцәа ракәзар, урҭ ирыҵахомызт.
© Sputnik / Томас ТхайцукАрҭ аҷкәынцәа еицырдыруа аҳәаанырцәтә телесериал "Острые козырьки" афырхацәа ираԥыргоит уҳәап.
Арҭ аҷкәынцәа еицырдыруа аҳәаанырцәтә телесериал Острые козырьки афырхацәа ираԥыргоит уҳәап. - Sputnik Аҧсны
11/26
Арҭ аҷкәынцәа еицырдыруа аҳәаанырцәтә телесериал "Острые козырьки" афырхацәа ираԥыргоит уҳәап.
© Sputnik / Томас ТхайцукАушьҭымҭацәа рыхәылԥаз аԥшӡара аконкурс излеиԥшым акгьы ыҟам.
Аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз аԥшӡара аконкурс излеиԥшым акгьы ыҟам. - Sputnik Аҧсны
12/26
Аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз аԥшӡара аконкурс излеиԥшым акгьы ыҟам.
© Sputnik / Томас ТхайцукАбас ауп аушьҭымҭацәа рхы-рҿы рхаччо аԥсҭазаара ду ахь ршьаҿа шеихырго.
Абас ауп аушьҭымҭацәа рхы-рҿы рхаччо аԥсҭазаара ду ахь ршьаҿа шеихырго.  - Sputnik Аҧсны
13/26
Абас ауп аушьҭымҭацәа рхы-рҿы рхаччо аԥсҭазаара ду ахь ршьаҿа шеихырго.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҭыԥҳацәа рыҵкқәа збаз ихамшҭыртә, ҽаӡәы лтәы иаламҩашьо аҟаҵара рылшеит.
Аҭыԥҳацәа рыҵкқәа збаз ихамшҭыртә, ҽаӡәы лтәы иаламҩашьо аҟаҵара рылшеит. - Sputnik Аҧсны
14/26
Аҭыԥҳацәа рыҵкқәа збаз ихамшҭыртә, ҽаӡәы лтәы иаламҩашьо аҟаҵара рылшеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҵкы шкәакәа абжьааԥнеиԥш сынтәагьы азҿлымҳара ду амоуп аҿар рыбжьара.
Аҵкы шкәакәа абжьааԥнеиԥш сынтәагьы азҿлымҳара ду амоуп аҿар рыбжьара.  - Sputnik Аҧсны
15/26
Аҵкы шкәакәа абжьааԥнеиԥш сынтәагьы азҿлымҳара ду амоуп аҿар рыбжьара.
© Sputnik / Томас ТхайцукИацы ихәыҷқәоуп ҳәа изхәаԥшуаз ашколхәыҷқәа иахьа адунаӡацәа ирҩызаха иаақәгылт.
Иацы ихәыҷқәоуп ҳәа изхәаԥшуаз ашколхәыҷқәа иахьа адунаӡацәа ирҩызаха иаақәгылт. - Sputnik Аҧсны
16/26
Иацы ихәыҷқәоуп ҳәа изхәаԥшуаз ашколхәыҷқәа иахьа адунаӡацәа ирҩызаха иаақәгылт.
© Sputnik / Томас ТхайцукШьоукы-шьоук аҭыԥҳацәа аԥарԥалыкьқәа иреиԥшын.
Шьоукы-шьоук аҭыԥҳацәа аԥарԥалыкьқәа иреиԥшын. - Sputnik Аҧсны
17/26
Шьоукы-шьоук аҭыԥҳацәа аԥарԥалыкьқәа иреиԥшын.
© Sputnik / Томас ТхайцукАшкәакәа еиԥш, аиқәаҵәа ԥштәгьы бзиа избо аҿар рацәаҩуп.
Ашкәакәа еиԥш, аиқәаҵәа ԥштәгьы бзиа избо аҿар рацәаҩуп. - Sputnik Аҧсны
18/26
Ашкәакәа еиԥш, аиқәаҵәа ԥштәгьы бзиа избо аҿар рацәаҩуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАушьҭымҭацәа рыхәылԥаз аан арԥарацәа изышьцылахьоу рышколтә форма рыԥсахит акостиумқәа рыла, иаразнак еиқәтәеиқәгылагьы иааҟалеит.
Аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз аан арԥарацәа изышьцылахьоу рышколтә форма рыԥсахит акостиумқәа рыла, иаразнак еиқәтәеиқәгылагьы иааҟалеит. - Sputnik Аҧсны
19/26
Аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз аан арԥарацәа изышьцылахьоу рышколтә форма рыԥсахит акостиумқәа рыла, иаразнак еиқәтәеиқәгылагьы иааҟалеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа аԥшаҳәа ариабжьарак еиҳагьы иԥшӡахеит, аҿар рыԥшра-рсахьа, зегь рыла убла хыркуан.
Аҟәа аԥшаҳәа ариабжьарак еиҳагьы иԥшӡахеит, аҿар рыԥшра-рсахьа, зегь рыла убла хыркуан. - Sputnik Аҧсны
20/26
Аҟәа аԥшаҳәа ариабжьарак еиҳагьы иԥшӡахеит, аҿар рыԥшра-рсахьа, зегь рыла убла хыркуан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАушьҭымҭацәа рышәҵатәы заа иазхәыцхьан, иршәырҵашаз рыӡбахьан.
Аушьҭымҭацәа рышәҵатәы заа иазхәыцхьан, иршәырҵашаз рыӡбахьан. - Sputnik Аҧсны
21/26
Аушьҭымҭацәа рышәҵатәы заа иазхәыцхьан, иршәырҵашаз рыӡбахьан.
© Sputnik / Леон Адлейба Ахәылԥаз ахь ирыцны иааит рҭаацәагьы.
Ахәылԥаз ахь ирыцны иааит рҭаацәагьы. - Sputnik Аҧсны
22/26
Ахәылԥаз ахь ирыцны иааит рҭаацәагьы.
© Sputnik / Леон Адлейба Абжьааԥны аспорт маҭәа еиҳа згәы иаҭахыз аҿар иахьа аклассика иазхьаԥшит, уи оумакала ирнаалеит.
Абжьааԥны аспорт маҭәа еиҳа згәы иаҭахыз аҿар иахьа аклассика иазхьаԥшит, уи оумакала ирнаалеит. - Sputnik Аҧсны
23/26
Абжьааԥны аспорт маҭәа еиҳа згәы иаҭахыз аҿар иахьа аклассика иазхьаԥшит, уи оумакала ирнаалеит.
© Sputnik / Леон Адлейба Школқәак роушьҭымҭацәа рыхьӡқәа зну аҭыӡқәа аԥшаҳәаҿы ишьақәдыргылеит.
Школқәак роушьҭымҭацәа рыхьӡқәа зну аҭыӡқәа аԥшаҳәаҿы ишьақәдыргылеит. - Sputnik Аҧсны
24/26
Школқәак роушьҭымҭацәа рыхьӡқәа зну аҭыӡқәа аԥшаҳәаҿы ишьақәдыргылеит.
© Sputnik / Леон Адлейба Ашкол ааныжьны ацара - иагьгәырӷьароуп, иагьлахьеиқәҵароуп.
Ашкол ааныжьны ацара - иагьгәырӷьароуп, иагьлахьеиқәҵароуп. - Sputnik Аҧсны
25/26
Ашкол ааныжьны ацара - иагьгәырӷьароуп, иагьлахьеиқәҵароуп.
© Sputnik / Леон Адлейба Иагьа ус иҟазаргьы, арҭ ақәыԥшцәа рыԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа даҽа шьаҿак ҟарҵеит. Мҩамш иқәлааит!
Иагьа ус иҟазаргьы, арҭ ақәыԥшцәа рыԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа даҽа шьаҿак ҟарҵеит. Мҩамш иқәлааит! - Sputnik Аҧсны
26/26
Иагьа ус иҟазаргьы, арҭ ақәыԥшцәа рыԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа даҽа шьаҿак ҟарҵеит. Мҩамш иқәлааит!
Ажәабжьқәа зегьы
0