Sputnik аҟны аԥсуа боксиор Игор Адлеиба ипресс-конференциа ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукSputnik аҟны аԥсуа боксиор Игор Адлеиба ипресс-конференциа ҟалоит
Sputnik аҟны аԥсуа боксиор Игор Адлеиба ипресс-конференциа ҟалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 5 асааҭ 12:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп WBO аверсиала аҿарацәа рыбжьара адунеи ачемпион Игор Адлеиба ипресс-конференциа.

Аԥсуа боксиор Игор Адлеиба абҵара 2 рзы Екатеринбург ақалақь аҿы WBO аверсиала аҿарацәа рыбжьара адунеи ачемпион ититул даиааит атурнир RCC Boxing Promotions аан.

Игор Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Игор Адлеиба иқәгыларазы: оумакала иуадаҩын

Апресс-конференциаан иара убас дықәгылоит абоксиор иазыҟаҵаҩ Беслан Адлеиба.

АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16, абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com.

Иара убасгьы азҵаарақәа рынашьҭра ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook аҿы) ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0