Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Коӷониаԥҳа: АҶА аҟынтәи Урыстәылаҟа ицаз аӡәгьы иҵара ныжьны дмаацт

© Sputnik / Томас ТхайцукЛана Когония
Лана Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Жәларбжьаратәи аусеицура апротокол аҟәша аиҳабы Лана Коӷониаԥҳа Sputnik Аԥсны аефир аҟны илҳәеит Урыстәылаҟа аминистрра аганахьала аҵара ицо аҿар аӡәгьы иҵара ааныжьны дымхынҳәыцт ҳәа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Коӷониаԥҳа аиқәырхаҩцәа рзанааҭ алзхуа ирызкны

"2010 шықәсазы Урыстәылеи Аԥсныи ирыбжьарҵаз аусеицуреи ацхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, сынтәагьы Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу Москва иҟоу иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭалеит фҩык абитурентцәа. Урҭ араҟа ԥшь —ԥышәарак ирхысит. Абҩарҵәыразы аԥышәара рыдыркылоит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аспециалистцәа. Афизикеи, аматематикеи, аурыс бызшәеи рмаҭәарқәа рыла аԥышәарақәа рыдыркылоит аҵара аминистрра аҟынтәи. Жәаҩа-ҩык ҭалар рҭахын, фҩык аанахәеит. Урыстәыла аквотақәа ҳарҭоит ҳҭахрақәа инарықәыршәаны. Аҵара иалганы иаауа, хымԥада, усура ҭыԥла еиқәыршәахоит. Урыстәылаҟа аҵара ицахьоу рахьынтә аӡәгьы  иҵара ааныжьны дмаацт", —

лҳәеит Лана Коӷониаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0