Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Агәас: ҳаешьаратә жәларқәа ҳҳәынҭқарра аргылара иадԥхьалатәуп

© Sputnik, Бадрак АвидзбаИмдат Агуас
Имдат Агуас - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Ҭырқәтәылантә зыԥсадгьыл ахь нхара иааз Имдаҭ Агәас адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иазгәеиҭеит ҳҳәынҭқарра аргылара, хымԥада, иадҳаԥхьалароуп ҳаешьаратә жәларқәа ҳәа.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Агәас ҳџьынџьуаа рырхынҳәра азҵаара иазкны
"Араҟа инхо ауаа ҭынчны, ибзианы инымхакәа адәахьынтә уаҩ дузаагаӡом. Раԥхьа иргыланы аҩныҵаҟа ҳмилаҭ, ҳҿар рызҵаарақәа ӡбахароуп. Анаҩс, арепатриациазы аминистррагьы уи аус  иашьҭоуп, аха ҳаргьы иаҳа ҳаартызароуп ҳџьынџьуаа арахь нхара иаарц", — иҳәеит Агәас.

Аԥсуаа ҳашмилаҭ маҷугьы, амилаҭ ду рыхдырра ааҳарԥшыроуп. Ҳҳәынҭқарра аргылара, хымԥада, иадҳаԥхьалароуп ҳаешьаратә жәларқәа аубыхцәеи адыгцәеи ҳәа азгәеиҭеит Имдаҭ Агәас.

Ажәабжьқәа зегьы
0