Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Миқаа ацәыргақәҵа иазкны: схы-сыԥсы адҵаны иаԥысҵаз ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукЭрик Микаа
Эрик Микаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәаҳәаҩ, аҟаза, Ерик Миқаа ицәыргақәҵа агәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа ирызкхоит, абри атәы иҳәеит ацәыргақәҵа автор, арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Миқаа ицәыргақәҵа иазкны
"Ахәыҷқәа-ачымазаҩцәа  рзы ацәыргақәҵа еиҿыскаарц сҭаххеит. Иахьынӡасылшо ала убыс схы иадысҵеит. Хымз-ԥшьымз сусурҭатә уада аҟнытә сдәыламҵӡакәа асахьа ҭысхуан. Ус баша ахыпҳьаӡара азы акәымкәа, аусумҭақәа зегьы схы-сыԥсы адҵа иаԥысҵеит. Сыгәҭакы анагӡаразы сҩызцәа зегьы сыцхрааит, уи даара сгәы ҟанаҵеит, ауаа макьана ргәы мыхьшәашәац", — азгәеиҭеит Миқаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0