Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба ашәарыцараҟны аилагарақәа ирызкны: иахьа иаҳзымхьчаз, уаҵәы иаҳзышьақәыргылом

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Тарба
Астамур Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аграртә политикеи, аекологиеи, аԥсабаратә мазареи рзы Аԥсны Жәлар реизара аилак ахантәаҩы Асҭамыр Ҭарба иҳәеит аекологиеи ашәаԥыџьаԥи рыхьчара аганахьала азакәан анамгӡаразы аҭакԥхықәра зду лахь шроуа  рныраанӡа, аҭагылазаашьа аԥсахра уадаҩуп ҳәа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Ҭарба ашәарыцараҟны аилагарақәа ирызкны

"Иахьа ашәақь змоу зегьы шәарыцаҩцәаны рхы рыԥхьаӡоит, уи амашәыр, арыцҳара анахылҿиаауа ыҟоуп, ашәарах акәзар ихыршьаауеит. Ашәарыцара акультура иацныҟәо маҷӡоуп, ахылаԥшрагьы амам. Сколлегацәеи сареи ҳаицәажәахьеит, ашәарыцара азы ахеилак иҳамоуи ҳареи ҳнеидтәаланы ари азҵаара аҭыԥ акәҵаразы акы азаҳаӡбароуп. Иҳаҳахьеит ақьафурҭақәа ԥшуп ашәарыцаҩцәа ашәарах анрызнарго ҳәа, абизнес алырхит. Иарбан аамҭаз ус аԥсуа ихы анымҩаԥигалоз, ашәарах ашьхантәи илбааганы ианыиҭиуаз?

Иахьа уадаҩра дус иҟоу ҳзакәанқәа рынамыгӡара ауп. Аԥсыӡкра, ашәарыцара аҟны аума азакәан хылаԥшра азызуа еилыххаа иарбазароуп, насгьы ирдыруазароуп ирыду аус ишахәҭоу иахьынарымыгӡаз азы лахь шроуа. Ҳекологиеи ҳшәаԥыџьаԥи иахьа ианаҳмыхьча уаҵәы рышьақәыррӷәӷәара, ҿыцны рышьҭыхра даара ицәгьахоит", - иҳәеит Ҭарба.

Ажәабжьқәа зегьы
0