Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Латариа ашәирақәа ирызкны: аԥсуаа ҳазмырӷьацо ракәны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Латариа
Даур Латариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иабанӡашәарҭоу ашәирақәа, насгьы аимак-аиҿак аныха аҟынӡа анагара иахылҿиаауа - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥшьаҭыԥ" анапхгаҩы Даур Латариа.

 

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Латариа ашәирақәа аԥсуаа рҿы

"Аԥсуаа жәытә-натә аахыс еилыргагас иҳамаз аныхақәа ракәын. Уи даара иаҳԥырхагоуп. Зегьы реиҳабацәа иразҵааны ишьақәдыргылар ауп, рабшьҭраҿы аӡәы ашәи дамазар ауеит. Аҟәарҭ иагәыдуҵо ақәҷышь иақәшәоит, ажәытә иҟаз иахьа ибылгьо, еицыло иаауеит. Ҳара иаҳдыруеит ашәи ақәгашьа, иҟоуп аныхаԥааҩцәагьы. Аныха ахьӡ ахьҳәоу ашәи аныхаԥааҩ ида аӡәгьы изықәгаӡом. Ашәира даара ишәарҭоу усуп, ирацәоуп ус еиԥш иҟоу ахҭысқәа. Зегьы ҳхы ҿаҳхыр, аԥсуаа ҳшыҿио агәра згоит. Аибашьра ашьҭахь ирацәаны аҩнқәа аанхеит, ауаҩы иԥхӡаша зду, урҭ ҳазшаз иҿаԥхьа иԥшьатәуп, иҿыхтәуп. Уа иахьыҟоу ҳарныҳәаӡом, ҳашәироуп изҿу", - ҳәа азгәеиҭеит Латариа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0