Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба: ауаа агәра ргеит амармалташьтә пты аизгаразы аԥара шроуа

© Sputnik / Томас ТхайцукҬамаз Ҵәыџьба
Ҭамаз Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты аизгара аус шцо атәы.
Ҵәыџьба: ауаа агәра ргеит амарматашьтә пты азы аԥара шроуа

"Ҳраион аҿы анхацәа ишрылшоз ала апты еизганы иааргеит. 212 кьыла иҳаҩсыз амчыбжь азы иблын. Ауааԥсыра ишрылаҳәаз еиԥш, кьылак азы зықьмааҭк аԥара рнапаҟны  ирыҭан.  Апты аизгара аус еиҭа ихацыркхоит, жәамш шааҵлак, анхацәа еиҭа иаларҵар рылшоит. Ҵыԥх ҳраион аҿы еизган 170 кьыла, ауаа усҟак агәра ргомызт апты азы аԥара шроуа. Сынтәа ари аусура ибзианы ҳалагеит. Сгәы иаанагоит, мшаԥымзанӡа апты хыԥхьаӡара рацәала еизгахап ҳәа, иара убри алагьы дара рнырҵәара ҳалшап ҳәа", - азгәеиҭеит Ҵәыџьба.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0