Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа афестиваль "Раида" азы: жәлар рашәа еиқәырхагас иамоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа
Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа мшаԥы 26 рзы имҩаԥысраны иҟоу афольклортә ашәаҳәаратә ансамбльқәа рфестиваль "Раида" ахықәкы хада атәы.
Кәарҷиа афестиваль "Раида" азы: жәлар рашәа еиқәырхагас иамоуп

"Ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа хәы змаӡам ахьыршәыгә ҳзаанрыжьит, 100-150 инареиҳаны ашәақәа асаба рықәаҩҩы абиблиотекақәа рҿы ишьҭоуп. Ковач еизигоз, Кортуа, Шамба ирҩыз, аха урҭ зҳәо маҷхеит. Иахьа ашәаҳәаҩцәа доусы иара ихатә аԥҵаҩы димоуп, уи изалихуа ауп ииҳәогьы, жәлар рашәақәа ракәзар - ирҭахым, урҭ аныӡаауеит. Убри аус арҽеира хықәкыс иҟаҵаны, иазыӡбан афестиваль аԥҵара. Зегьы рҿаԥхьа иқәҳаргылеит ахықәкы, хԥа-хәба жәлар рашәақәа нарыгӡартә еиԥш. Ари аԥҟара иахәамаԥшуагьы ыҟоуп, хырҩа азҭар зҭаху, аха аԥҟара шыҟац иаанхоит. Жәшықәса раԥхьа афестиваль ҳаналагоз, ҩба-хԥа гәыԥ роуп изгәаӷьыз уи аҽалархәра, иахьазы жәаҩа ансамбль рҽанырҵеит раионцыԥхьаӡа рҟынтә", - азгәеиҭоит Кәарҷиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0