Гәдоуҭа араион Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак ахантәаҩы Џьарназ Бениа арадио Sputnik аефир аҟны еихишьаалеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ҩымш имҩаԥысуаз аҽыбӷаҟазацәа реиндаҭларақәа.
Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аиааира Ду амш аламҭалазы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡны иҟаз ланду иашьа илахьынҵахаз шеилкаахаз.
Анжела Арҷелиаԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аԥсакрачымазара атерапиа аҟәша аиҳабы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ари ачымазара атәы.