Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Амҳаџьырра амш Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ишазгәарҭо.
Амҳаџьырра- иахьынӡахәҭоу иҭҵааны иҳамам иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны аԥсадгьыл ахь архынҳəразы аминистр ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа.
Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба шьыжьнаҵы еиликаауан аҳҭнықалақь аҿы апассаџьыртә транспорт аусушьа, иарбан уадаҩрақәоу уи аганахьала ауааԥсыра ирымоу.
Тамшь ақыҭа ахада Вадим Занҭариа арадио Sputnik аҟны иҳәеит Тамшьтәи апост аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Очамчыра араион Ахада ихаҭыԥуаҩ Славик Қәычбериа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит лаҵарамза 21 асааҭ ҩба ауха инаркны Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду шаркыз.