Очамчыратәи аиқәырхаҩцәа абжьаратә школ аҵаҩы Давид Гогәуа ианаршьеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ахьӡала аҳаҭыртә бӷьыц "Аӡаҿы аиқәырхаразы". Шықәсык аԥхьа Давид деиқәирхеит Урыстәылантә Аԥсны зыԥсы зшьоз аԥҳәыс. Уи ахҭыс шыҟалаз, насгьы аӡы иацу ашәарҭара атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыра араион абылраҽацәыхьчара аҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Хра злоу ахҭысқәа - иалкаау аполитикатә, асоциалтә, акультуратә хҭысқәа. Ҳара урҭ ҳрылацәажәоит, ахәшьара аҳҭоит, алкаа рзыҟаҳҵоит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аминистрреи Аҧсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рзы аминистрреи рыбжьара нап зҵаҩҩу аиқәшаҳаҭра инамаданы иарбан зҵаарақәоу аус зыдулоу, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.
Аԥсны ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәырҵлақәа ахәшә анақәҭатәу аамҭа атәы.
Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит археологиатә жрақәа раан Џьанҭоу ирыԥшааз ишәыгәны еилаблны иҟоу амаҭәарқәа рҭоурых.